Ақьырсиан ныҳәа мҩаԥысит Аԥсны

© Sputnik / Томас ТхайцукАнцәа ианԥшьа лыхқәыршә ауахәамаҿ иазгәарҭон ақьырсиан ныҳәа
Анцәа ианԥшьа лыхқәыршә ауахәамаҿ иазгәарҭон ақьырсиан ныҳәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа, жьҭаара 14 рзы Гәдоуҭа, Анцәа ианԥшьа лыхқәыршә ауахәамаҿ иазгәарҭон ақьырсиан ныҳәа (покров Пресвятой Богородицы). .

АҞӘА, жьҭаара 14 окт — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Анцәа дхазҵо ақьырсианцәа анцәаимҵаныҳәара мҩаԥыргеит Гәдоуҭатәи ауахәамаҟны. Ауахәама иазымкуа ауаа рацәа ыҟан.

Ари аныҳәа аџьашьахәқәа иреиуоуп, иҳәеит Аԥсуа иашахаҵаратә уахәама Ахада Виссарион Аԥлиа.

"Ауахәама ргылан 1920 шықәса рзы. Арахь ирацәаҩны иааиуан аибашьраан анцәаимҵаныҳәаразы. Иахьагьы анцәа иџьшьарала арахь имҩахыҵуа рхыԥхьаӡара рацәоуп. Угәы иаамыхәарц залшом иахьатәи аамҭазы ауахәамақәа рахь ауаа рацәа мҩахыҵуа иахьалагаз, анцәа изхьаԥшуа иахьалагаз. Аиҳаракгьы аԥсуаа ахьырацәахаз", — иҳәоит аб Виссарион Аԥлиа.

Ҟәбантәи аепархиаҟынтәи Аԥсныҟа иааит уаатәи ауахәама аҭааҩцәа. Аб Александр иҳәеит раԥхьаӡа акәны аныҳәатә матанеира иҽалаирхәырц Аԥсныҟа дшааз.

"Ҳара раԥхьаӡа акәны Гәдоуҭатәи ауахәама ҳаҭааит, уаанӡа Аԥсныҟа акырынтә ҳшаахьазгьы. Иахьатәи аныҳәа иҷыдоу ныҳәоуп. Жәҩанахьтәи ҳахьчаҩ, ҳхылаԥшыҩ лныҳәоуп", — иҳәеит иара.

Анцәа ианԥшьа лыхқәыршә аныҳәа (Праздник Покрова Пресвятой Богородицы) ақьырсианцәа рзы иналукааша ныҳәоуп. 910 шықәса рзы Константинополь аӷацәа акәшаны иантәаз Влахертәи ауахәамаҿы ауаа еизан Анцәа ианиҳәоз арахь дааиит Анцәа ианԥшьа. Абри ауахәамаҟны иҵәахын лмаҟа ахәҭаки лыхқәыршәи.

Ажәабжьқәа зегьы
0