Аруаа ахыркәшаратә гәаҭарақәа ирхысит

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа
Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2016 шықәсазтәи ахыркәшаратә гәаҭара иахысит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа.

АҞӘА, жьҭаара 14 — Sputnik. 2016 шықәсазтәи ахыркәшаратә гәаҭара иахысит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа. Арратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан ахыркәшаратә гәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны.

"2016 шықәсазтәи ахыркәшаратә гәаҭара иахысит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа. Ахыркәшаратә гәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны аррамаҵзурауаа тревогала ршьапы иқәыргылан, аҽазыҟаҵаратә комплексқәа ирхыжьын. Агәаҭарақәа мҩаԥысраны иҟоуп амчыбжь анҵәамҭанӡа. Арратә база амотохысыҩцәа рыхәҭа, ҳаамҭазтәи атанкқәа Т-72Б3-и аакәылӡытранспартиорқәа БТР-82А-и рыла 150-километра иҟаз амҩа иахысит апалигонқәа "Ҵабал"-и "Нагвалоу"-и рҟны. Уи адагьы урҭ еиуеиԥшым ахысрақәа мҩаԥыргоит РПГ-7, АК-74, БТР-82АМ, 120-миллиметра иҟоу аминамиотқәеи 122-миллиметра иҟоу артиллериатә гаубицақәеи егьырҭ абџьархкқәеи рыла", ҳәа аҳәоит Арратә округ апресс-маҵзура ашәҟәаҟны.

Иара убасгьы амеханик-ныҟәцаҩцәа азшьақәа арҭараны иҟоуп зхысра уадаҩу аҭыԥқәеи амҩақәеи рҟны арратә штаттә техника арныҟәцаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0