Ҭали Џьапуаԥҳа: ипроблема дуны иҳамоуп аԥсуа бызшәа ззымдыруа дырҵара

© Sputnik Бадраҟ АҩӡбаҬали Џьапуаԥҳа
Ҭали Џьапуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа бызшәа ахархәара иадҳәалоу ауадаҩрақәа ирылацәажәеит Аԥсны ауаажәларратә палата аҟны ахәаша жьҭаара 14 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иахьа ипроблема дуны иҳамоуп аԥсуа бызшәа ззымдыруа дырҵара, лҳәеит Аԥсны аҳәынҭқарра ахада абызшәатә политиказы ицхырааҩ Ҭали Џьапуаԥҳа.

"Иахьатәи ҳҭагылазаашьа ҳахәаԥшуазар, ари апроблема ииашаны иҟоуп. Зыӡбахә сҳәо ҳҳәынҭқарраҿ инхо ҳтәылауаа зегьы, даԥсыуоума, дызмилаҭзаалакгьы абри аҳәынҭқарраҿы дынхозар, иахьа иҳамоу апроблема дара ирмоурц азыҳәа, Аҳәынҭқарратә бызшәа дара ирбызшәаны иҟаларц азы идҳарҵар ауп. Уи азы адунеи аҿы иҟоу еиуеиԥшым аметодикақәа ҳбызшәа иадгалатәуп", — лҳәеит лара.

Ҭали Џьапуаԥҳа лажәақәа рыла, иахьа аԥсшәа дырҵаразы агәыԥқәа маҷымкәа аус руеит, иҟаҵоугьы шмаҷым.

"Мызкы аԥхьа иааҳартит акурсқәа, ҳара ҳалагеит Аҳәынҭқарра Ахада иусбарҭа ала, анаҩс Аминистрцәа Реилазаара аппарат, убраҟа аус зуа аҿар, аԥсшәа ззымдыруа идҳарҵоит. Абарҭ акурсқәа ахьцо срылатәан, уаҩы игәы иаахәартә ицоит арҵаратә процесс", — лҳәеит Џьапуаԥҳа.

Иара убас, уи иазгәалҭеит аԥсшәа арҵара аус маншәаланы ишцо уи аҵара зҭаху ауаа ианрыдугало.

"Дара аҿаргьы ирбазар акәхап рбызшәа рзымдыруа аԥхьаҟа рԥеиԥш иаԥырхагахар шауа, насгьы уи ахьырзымдыруа иацәыԥхашьоит", — ацылҵеит уи.

Ҭали Џьапуаԥҳа: ипроблема дуны иҳамоуп аԥсуа бызшәа ззымдыруа дырҵара

Ҭали Џьапуаԥха инаҵшьны иазгәелҭеит аԥсшәа зҵар зҭаху рзы аҭагылазаашьа шырзаԥҵатәу.  

Уи анаҩс илҳәеит, аԥсуа бызшәа арҵаразы ицхыраагӡаны ишыҟало аексперементалтә школ, уаҟа аҵаҩцәа амаҭәарқәа зегьы аԥсышәала ирызрыԥхьалоит. 

Ажәабжьқәа зегьы
0