АҞӘА, жьҭаара 17 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны Аҳәынҭқарра Амиграциатә маҵзура аусбарҭа аусзуҩцәа Аҟәатәи аџьармыкьаҟны рдокументқәа гәарҭон аусуразы Аԥсны ииааны иҟоу агастарбаитерцәа. 30-ҩык Амиграциатә маҵзура аусбарҭахь инагаз рҟынтәи 12-ҩык рганахьала административтә зинеилагара ҟарҵеит ҳәа иԥхьаӡан. Аусбарҭа Очамчыратәи аҟәша аиҳабы Асҭамыр Ҭраԥшь ҳкорреспондент изеиҭеиҳәеит агастарбаитерцәа аусураз азин рымоу ирымаму, авиза рымоу ирымаму гәаҳҭон ҳәа.
"Аԥҟаррақәа мариоуп: аусуразы Аԥсныҟа иаауа ауаҩԥсы раԥхьа инаргыланы иҽҭаиҩыроуп дахьнеиз аҭыԥ аҟны, уи ашьҭахь иара ирҭоит аусутә виза, нас аусуразы азин. Урҭ ашәҟәқәа Амиграциатә маҵзураҟны иоуеит", — иҳәеит Ҭраԥшь.
Иара иазгәеиҭеит еиқәыԥхьаӡоу рҟынтәи адокументқәа руак змам ауаҩы ареспубликаҟны аҟазаара арежим еилеигеит ҳәа.
"Асеиԥш ауаа алаҳкаар, урҭ Амиграциатә маҵзурахьы инаҳаԥхьоит. Уаҟа ираҳҳәоит иҟарҵаша", — иҳәоит Ҭраԥшь.
Ҭраԥшь иазгәеиҭеит аусуцәа-мигрантцәа атәыла ралцара алшоит дара изныкымкәа азакәан еиларгахьазар ҳәа.
Аҟәатәи аџьармыкьаҟны рдокументқәа гәарҭон аусуразы Аԥсны ииааны иҟоу аџьатә мигрантцәа — агастарбаитерцәа. 30-ҩык Амиграциатә маҵзура аусбарҭахь инагаз рҟынтәи 12-ҩык рганахьала административтә зинеилагара ҟарҵеит ҳәа иԥхьаӡан.
Амиграциатә маҵзура аамҭа-аамҭала имҩаԥнагоит абасеиԥш иҟоу ареидқәа ирымоу аинформациа инақәыршәаны.