Кобахьиа: атеррорист "украинатәи итәылауаҩра" хәыцуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Аслан Кобахьиа.
Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Аслан Кобахьиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи арадиотелерадиоеилахәыра аҵакырадгьыл аҟны ашәахьа, жьҭаара 17 рзы аԥжәара ҟалеит.

АҞӘА, жьҭаара 18 – Sputnik, Бадри. Аԥснытәи арадиотелерадиоеилахәыра аҵакырадгьыл аҟны арԥжәага зымпыҵатҟәацыз атеррорист Украина датәылауаҩуп, Алексеи Торосенко ихьӡуп ҳәа ирыларҵәоу аинформациа иашаӡам, иҳәеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Аслан Кобахьиа.

"Ҳара усеиԥш адыррақәа ҳамаӡам", — иҳәеит иара.

Аминистр аҳәара ҟаиҵеит апресса ахархәара азыруларц аофициалтә структурақәа рдыррақәа рымацара.

"Иаадыруа рацәоуп, аха аус аҭҵаара иаԥырхагамхарц иаҳҳәо маҷуп. Аофициалтә ҳәамҭақәа шәаарзыԥшы", — иҳәеит аминистр АИХ (СМИ) аусзуҩцәа рахь ихы нарханы.

Аԥснытәи арадиотелерадиоеилахәыра аҵакырадгьыл аҟны ашәахьа, жьҭаара 17 рзы аԥжәара ҟалеит. Арԥжәага зымпыҵаԥжәаз ауаҩы иԥсҭазаара далҵит.

Ажәабжьқәа зегьы
0