Надараиа: 2016 шықәса рзы Гал араион аҿы ауаа рӷьычра ыҟамызт

© Sputnik / Томас ТхайцукГал араион Ахада Ҭимур Надараиа
Гал араион Ахада Ҭимур Надараиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион Ахадеи Гал араион иаҵанакуа ақыҭақәа рхадацәеи русура аихшьаалақәа ҟарҵеит.

АҞӘА, жьҭаара 18 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 2016 шықәса рзы Гал араион аҿы ауаа рӷьычра ыҟамызт иҳәеит жьҭаара 18 рзы имҩаԥгаз апресс-конференциаҟны Гал араион Ахада Ҭимур Надараиа.

"Иахьазы аҭагылазаашьа акыр еиӷьуп ҵыԥх аасҭа. 2015 шықәса рзы ауаа рӷьычра иадҳәалаз атеррористтә актқәа ҩба аҭыԥ рыман. 2011, 2012, 2013 шықәсқәа анализ рзаауазар, Гал араион аҟны официалла иҭаҩын ауаа рӷьычрақәа фба", — иҳәеит иара.

Абри иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, Гал араион Аԥсны еиҳа ишәарҭам араионқәа рахь иаҵоукыр алшоит ҳәа азгәеиҭеит Надараиа.

"Уаанӡа араион аҟны аҭыԥ змаз ауаа рӷьычрақәа зегьы ҭарыҩуамызт официалла. Иахьазы иофициалугьы иофициалымгьы ауаа рӷьычрақәа аҭԥ рымам", — иҳәеит иара.

Ҭимур Надараиа иазгәеиҭеит ԥхьаҟагьы араион аҟны аҭагылазаашьа ҭышәынтәаланы ишыҟало.

Ажәабжьқәа зегьы
0