Надараиа: Аԥсны анхара азин змоу, аха Қырҭтәыла иҭаҩу ҳтәылауаҩра роуӡом

© Sputnik Илона ХварцкияАтәылауаҩшәҟәы
Атәылауаҩшәҟәы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион Ахадеи араион ақыҭақәа рхадацәеи имҩаԥыргеит русура аихшьаалақәа.

АҞӘА, жьҭаара 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Анхаразы азин ақырҭуа тәылауаҩшәҟәқәа змоу ирылнаршом Аԥсны атәылауаҩра аиура, иҳәеит Гал араион Ахада Ҭимур Надараиа, аҩаша имҩаԥигоз апресс-конференциаҟны.

"Анхаразы азин иаразнакы Аԥсны атәылауаҩра аиураз агәашәқәа аанартуеит ҳәа џьоукы-џьоукы ирымоу ашәара иашам ҳәа исыԥхьаӡоит. Атәымҳәынҭқарра атәылауаҩра умазар анхараз азин акгьы азыриашом", — иҳәеит Надараиа.

Араион Ахада иажәақәа рыла араион ауааԥсыра документла реиқәыршәара даара ипроблема дуны иҟоуп.

"Ҳара Апарламент адепутатцәа рахь ҳхы нарханы аҳәара ҟаҳҵоит Аԥсны Ахада иаԥшьгара иадгыларц, азакәан "Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны атәымтәылауаа рыстатус азы", аԥсахра аларгаларц. Уи иалнаршоит Гал араион ауааԥсыра, 1999 шықәса раахыс Аԥсны инхо анхаразы азин рыҭара", — иҳәоит иара.

Ари аус иалнаршон азҵаарақәа жәпакы раԥыхра, ҳәа азишьоит араион Ахада.

"Сара издыруеит Апарламент аҟны уи аԥшьгара лассы иалацәажәараны ишыҟоу. Ҳара атәылауаҩра атәы ҳҳәаӡом, ҳара ҳазлацәажәо анхаразы азин ауп", — иҳәеит Надараиа.

Анхаразы азин иацҵахалар ҟалоит ес-хәышықәса.

Ажәабжьқәа зегьы
0