АҞӘА, жьҭаара 20 – Sputnik. Рада Ажьиԥҳа. Апоет Анатоли Лагәлаа ахәыҷқәа ирзыикыз ажәабжьқәа реизга "Ардәына" иагәылоу аҩымҭақәа ааӡаратә ҟазшьа амоуп, абри атәы Sputnik акорреспондент илеиҳәеит апоет, ажурналист Вахтанг Аԥҳазоу.
"Зыӡбахә ҳамоу аизга "Ардәына" иаԥсаны апремиа аиуразы аӡбахә ҳәоуп, ҳәа сгәы иаанагоит. Избан акәзар, Анатоли Лагәлаа ипоезиа ахәыҷқәа ирзыикыз аҩымҭақәа, иара ишыиҟазшьоу еиԥш рбызшәа цқьоуп, еилыххоуп, имариоуп. Ус анакәха, ҳәарада, ахәыҷқәа агәынкылара рзымариоуп. "Ардәына" еиднакылоит ажәабжьқәа ԥшьба. Ажәабжьқәа, иҩымҭақәа зегьы реиԥш, ааӡаратә ҵакы аҭаны еиҿыртәоуп", — ҳәа иҳәеит Аԥҳазоу.
Вахтанг Аԥҳазоу иазгәеиҭеит аԥсуа литератураҿы ахәычҭәы алитература аҿиара еиҵаханы ишыҟоу.
"Аԥсуа литератураҿы ахәыҷтәы литература иара ахатәы атрадициақәа шышьақәгылахьоугьы, аҿиара маҷк еиҵаханы иҟоуп, убри аҟнытә апремиа иахәҭаны иаԥҵоуп. Ари аԥхьаҟа ахәыҷтәы литература аҿиара акырӡа иацхраауеит ҳәа агәыӷра сымоуп", — ҳәа азгәеиҭеит апоет.
Вахтанг Аԥҳазоу Sputnik Аԥсны азы иҟаиҵаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра
Апоет Анатоли Лагәлаа деицырдыруеит поетк прозаикк иаҳасабала, имаҷымкәа апериодикатә кьыпхь аҿы дықәгылахьеит ахәыҷқәеи ахбыџқәеи ирызку ажәабжьқәа рыла.