Амра ауахәама аԥсуа школ ашҭаҟны

© Sputnik / Томас ТхайцукЕшыратәи акромлех
Ешыратәи акромлех - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩынҩажәи хәба шықәса раԥхьа Аладатәи Ешыратәи ашкол ашҭаҟны иԥшаан ԥышьнызқьшықәса зхыҵуаз акромлех. Иахьазы уи аԥшаара уадаҩуп аҳәира ахыҵәаны иҟоуп.

Ҳкорреспондент Владимир Бегунов даҭааит Ешыратәи акромлех.

Аԥсуа-қырҭуа еибашьраа аахыс аус зымуа ешыратәи ашкол ашҭаҿы 1969 шықәса рзы археолог Георги Шамба иԥшааит акромлех.

"Саргьы уи аекспедициа салахәын, — иҳәоит археолог Игор Ҵнариа, — ҳара иааҳарԥшит акромлехқәа ҩба. Мраҭашәаратәи еиқәханы иҟан, мрагыларатәи абжара еилаҳаны иҟан", ҳәа.

Георги Шамба ишәҟәы "Ешыратәи акромлехқәа" рҟны иҩуеит, акромлехқәа рзы аҵарауаа адырра рызҭаз аҭыԥантәи ашкол аҭоурых арҵаҩы иоуп ҳәа. Иара еиҭеиҳәеит ашколтә уҭраҟны русураан ишаарԥшыз ажәытә маҭәарқәеи абаҩқәеи, иара убасгьы еизакны ишьҭаз ахаҳәқәа.

Эшерский кромлех в советский период
Эшерский кромлех в советский период - Sputnik Аҧсны
Эшерский кромлех в советский период

Археологцәа аусура хацдыркит. Анышә метрак аҟара аҿысҭа аҭаны ианырж ашьҭахь иааԥшит хәышә рҟынӡа маҭәар: акерамика, аҟамақәа, ахыцқәа, аҳәса рымаҭәахәқәа, ахәыдхаҵақәа иара убасгьы хыԥхьаӡара рацәала ауаатәыҩса рыԥсыбаҩқәа. Археологцәа ргәаанагарала акромлехқәа рзы ахаҳәқәа ааган хә-километрак иҟоу акьырҭыԥ аҟынтәи, ахаҳәқәа рыбжьара аҭыԥ абӷанҷ бжьаԥсан. Уи амшын аҟынтәи иаагаз акәын. Акромлехқәа ԥшьбаҟа нызқь шықәса рхыҵуан. Урҭ ритуалтә обиектқәан, аха рхархәара аанкылан ҳера алагамҭаз, арахь римлианаа анықәнагала ашьҭахь.

Акромлех аҩныҵҟа ажырҭақәа ыҟан. Аҵарауаа ишазырыԥхьаӡо ала уаҟа иржуаз аиҳарак аибашьцәа ракәын. Еиҳарак пату рықәҵаны анышә иамардон адыд-мацәыс зааханы иԥсыз. Уи нцәаԥсраны, кьаҭараны иахәаԥшуан.

Аԥсуаа рыҟны ахархәара аман ҩынтәтәи ажра. Аргонавтаа ирызку амиф адунеи иазырдырыз Аполлон Родосскигьы уи далацәажәон.

Общий план кромлехов из книги Георгия Шамба "Эшерские кромлехи"
Общий план кромлехов из книги Георгия Шамба Эшерские кромлехи - Sputnik Аҧсны
Общий план кромлехов из книги Георгия Шамба "Эшерские кромлехи"

Иԥсыз ауаҩы ажәцәа дылаҳәаны иԥшьоу аҵлаҭраҟны дхагалан аҵлаҿ дықәырҵон. Ацәеи ажьи анеилыҵлак ибаҩқәа акромлех ахь инаргон, мамзаргьы аҳаԥахьы. Усҟантәи аамҭақәа рзы иазырыԥхьаӡон абаҩқәа ажьы рықәнаҵы ауаҩы иԥсы уа иҟоуп ҳәа. Абаҩқәа акромлех аҟны еиқәырҵон, абӷанҷ рықәрыԥсон, хыхь акьыртә плитақәа рыла ихырҩон.

Иҟалап акромлехқәа рҟны иҟазар аритуал иахылаԥшуаз аԥшьамаҵзуҩцәа.

Бусы из сердолика, найденные при раскопках эшерских кромлехов
Бусы из сердолика, найденные при раскопках эшерских кромлехов - Sputnik Аҧсны
Бусы из сердолика, найденные при раскопках эшерских кромлехов

Георги Шамба ишиҩуаз ала ари аҭыԥ аҟны иԥшааз ахәыдхаҵақәа иара убасгьы акерамика иалхыз ачысмаҭәа аритуал ҟазшьа рыман, избанзар урҭ хышәа-ҵышәала ихәыҷӡақәан.

"Акромлех аскифцәа раамҭаанӡатәи аџьазтә шәышықәса иаҵанакуеит. Ешыратәи акромлех ихьшәоу формоуп, заатәи аформа Оҭҳара иҟоуп", — иҳәоит Игор Ҵнариа.

Игор Ҵнариа игәаанагарала Аԥсны иҟазар алшоит макьана иаарԥшым акромлехқәа.

Акромлехқәа адунеи аҟны ирацәаны иуԥылоит. Уажәы ешыратәи акромлехқәа аҳәира рхыҵәан иҟоуп, ирҭаауагьы маҷҩуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0