Пентагон иазхарҵеит Урыстәыла аруаа Сириа рҟазара

© Sputnik / Дмитрий Виноградов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПентагон иазхарҵеит Урыстәыла аруаа рҟазара
Пентагон иазхарҵеит Урыстәыла аруаа рҟазара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 30 2015 шықәса инаркны Урыстәыла атеррористтә еиҿкаарақәа ИГИЛ-и "Джебхат ан-Нусреи" робиектқәа иалкаа-алкааны иреихсуа иалагеит, сынтәа, хәажәкыра 15 инаркны Шьамтәылантәи ар алырго иалагеит, аҿаԥхьа иқәгыллаз аусдҵақәа нагӡоуп ҳәа азыԥхьаӡаны.

АҞӘА, жьҭаара 24 — Sputnik. Ештон Картер урыстәылатәи аруаа Шьамтәыла апрофессионализм ду аадырԥшит ҳәа азиҳәеит.

"Аҳаиртә операциақәа рымҩаԥгараан ицәырҵуа аимактә зҵаарақәа еицаҳаӡбоит. Убри аан Урыстәыла апрофессионализм аанарԥшуеит егьырҭ акоалициа алахәылацәа зегьы реиԥш", — иҳәеит Картер багдад имҩаԥигоз апресс-конференциаҟны.

Картер иажәақәа Пентагон аофициалтә саит аҟны иаагоуп. Иара убасгьы иҳәеит Вашингтон еснагь ишазыхиоу Москва аус ацура Шьамтәыла аҭагылазаашьа аҭышәнартәаларазы, аха макьаназы ишахәҭоу еиԥш анырра азыҟамҵац.

Жьҭаара алагамҭазы ЕАШ (США) аҳәамҭа ҟанаҵеит Урыстәыла аус ацура аанкылахоит ҳәа. Дара иазгәарҭеит Урыстәыла ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭрақәа ирықәныҟәом ҳәа. Аурыс ган акәзар, асеиԥш аӡбра адкылара иаанарԥшуа акы заҵәык ауп: ЕАШ (США) ахахьы иагаз аҭакԥхықәра анагӡара азалмыршеит ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0