Гагра араион автобзиабаҩцәеи Аҳәынҭавтоинспекциеи амҩатә машәырқәа ирҿагылоит

© Sputnik Томас ТхайцукАрхивное фото сотрудников милиции на посту ГАИ
Архивное фото сотрудников милиции на посту ГАИ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла ииасыз амчыбжь азы амҩатә машәырқәа ирыхҟьаны ареспубликаҟны иҭахеит фҩык ауааԥсыра.

АҞӘА, жьҭаара 26 — Sputnik, Бадри Есиава. Аҳәынҭавтоинспекциеи Гагра араион автобзиабаҩцәеи иазыԥхьагәарҭоит амҩатә машәырқәа ирҿагыланы еицықәгыларц ҳәа ҳкорреспондент иеиҳәеит Гагратәи автоинспекциа аиҳабы Ҳаџьараҭ Бганба.

"Аҳәынҭавтоинспекциеи Гагра араион автобзиабаҩцәеи ашколқәа рҟны, акультуратә ханқәа рҟны, адәаҟны имҩаԥыргалоит агитациатә усурақәа. Ҳара ҳҽеидкыланы абри арыцҳара ҳаҿагылароуп. Угәы иахәаша абри аидеиа адгылара ду арҭоит аҿар", — иҳәеит Бганба.

Иара иажәақәа рыла ари акциа иҽалаирхәуеит Mitjet 2L аверсиала Урыстәыла ачемпион Дмитри Ӷәазаа.

Гагра араион автоинспекциа ареидқәа еиҳа лассы-лассы имҩаԥыргалоит. Бганба иажәақәа рыла ақалақь аҟны икнарҳауеит абаннерқәа. Аминистрра адырраҭарақәа рыла амҩатә машәырқәа еиҳарак изыхҟьо амашьына аԥсҟы зку арыжәтә ыжәны мамзаргьы анаркотикатә маҭәашьарқәа рылаҵан иахьыҟоу ауп.

2015 шықәса рзы ареспубликаҟны амҩатә машәыр иахҟьаны иҭахеит 66-ҩык, 2016 шықәса рзы иҭахахьеит 64-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0