Дмитри Ӷәазаа: амашәырқәа аԥырҟәҟәаалатәуп

© SputnikАспортсмен Дмитри Ӷәазаа
Аспортсмен Дмитри Ӷәазаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адырраҭарақәа рыла иҳаҩсыз амчыбжь азы иҭахеит фҩык ауаа.

АҞӘА, жьҭаара 26 — Sputnik, Бадри Есиава. Аспортсмен Дмитри Ӷәазаа иазгәеиҭеит амҩатә машәырқәа абри аамҭазы еиҳарак изыхҟьо ачаратә сезон иахьасакьаҳәымҭоу ауп ҳәа.

"Уажәы Аԥсны ахы-аҵыхәа ачарақәа руеит. Убри инадҳәаланы амҩақәа рҿы амашәырқәа рацәахеит. Раԥхьа иргыланы ахара зду амашьына аԥсҟы зку роуп, нас – автоинспекциа", — иҳәеит иара.

Ӷәазаа иажәақәа рыла Гагра арион автоинспекциеи амашьына абзиабаҩцәеи рҽеимаданы аусура хацдыркырц ргәиҭоуп амашәырқәа раԥырҟәҟәааразы. Уахь дадыԥхьалоуп Дмитри Ӷәазаагьы.

Иара иазгәеиҭеит ашәарҭадаратә маҟақәа хымԥада иныҟәгалатәуп ҳәа. Иҳәеит ихаҭагьы уаанӡа аццакра бзиа ишибоз, аха картинг инапы аналеик, уи даҟәыҵит.

Апрофессионалтә еиԥхнылыҩ апроблема аӡбразы атрасса ҷыдақәа ҟаҵатәуп ҳәа иазиԥхьаӡоит.

"Иаҳҳәап Москва автоспорт дырҿиоит, уи алагьы иццакны аныҟәара бзиа избо азеиԥшмҩа ианыргоит, амҩа ҷыдақәа, акартодром еиԥшу рахь ииаргоит. Уаҟа дара ирылшоит заҟа рҭаху адреналин аиура", — иҳәеит иара.

Амҩатә машәырқа реиҳарак зыхҟьо амашьына аруль зку ижәны ма анаркотикатә маҭәашьар рылаҵаны иахьыҟоу ауп.

Ажәабжьқәа зегьы
0