Ҳаџьымба: Урыстәылатәи ацхыраара алҵшәа маҷхеит

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥарақәа
Аԥарақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аҳәамҭа ҟаиҵеит аҳәынҭқарра атәылауаа рҿаԥхьа аулафахәи атәанчахәи рганахьала уал ақәым ҳәа.

АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иахьатәи аҭагылазаашьақәа инарықәыршәаны иуадаҩуп аекономика ашьҭыхра иҳәеит Рауль Ҳаџьымба Очамчыра араион ауааԥсыра дырԥыло аԥшьаша, жьҭаара 27рзы.

"Уаанӡатәи ашықәсқәа раан аекономикатә ҭагылазаашьа аҽакын. Иахьа амааҭ ҩынтәны икаҳаит. Ирҳәалоит Урыстәылатәи афинанстә цхыраара маҷхеит ҳәа. Уи ус акәым. Иҳауц ҳауеит, аха иахьа урҭ аԥарақәа рылҵшәа лаҟәуп", — иҳәеит иара.

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит ишымцу иҟоу ацәажәарақәа ауал ыҟоуп ҳәа, аҳәынҭқарра атәылауаа рҿаԥхьа аулафахәи атәанчахәи рганахьала уал ақәым иҳәеит иара.

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит Аҟәеи Очамчыреи еимаздо амҩа аремонт ахьазу аҵак шдуу, иҳәеит егьырҭ амҩақәагьы ишрылаго.

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Аҟәеи Ԥсоуи ирыбжьоу амҩаду аҟны аремонтқәа ҭыԥ-ҭыԥны ишыҟаҵахо. Ахарџьқәа ареспубликатә биуџьет аҟынтәи ишәахоит ҳәа азгәеиҭеит атәыла Ахада.

Ажәабжьқәа зегьы
0