Рауль Ҳаџьымба Рашид Нургалиев дидикылеит

© Фото : пресс-служба президентаРауль Ҳаџьымба Рашид Нургалиев дидикылеит
Рауль Ҳаџьымба Рашид Нургалиев дидикылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба дидикылеит Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев.

АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев данидикылоз, Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилаки Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилаки русеицура аҵак ду аманы ишыҟоу.

Абри атәы аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит.

"Ҳусеицура агәахәара снаҭоит. Сара ибзианы издыруеит, исҭахуп ауаагьы ирдыруазарц усеицурада ԥеиԥш шаҳмоуа. Иҟаҵоу рацәоуп, аха ҳаԥхьа ишьҭоу аҟаҵатә еиҳагьы еиҳауп", — иҳәеит иара.

Рашид Нургалиев Рауль Ҳаџьымба изеиҭеиҳәеит ҩымшктәи аусура атәы.

"Ҳара иацы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусеицура мҩаԥаагеит", — иҳәеит, иагьазгәеиҭеит Тҟәарчал араион иаҭааны ишыҟаз.

"Ашәарҭадаратә хеилак аганахьала ҳара Тҟәарчал араион аҿы ҳаҟан. Ҳаҟан иара убасгьы аԥсуа-қырҭуа ҳәааҟны", — иҳәеит Рашид Нургалиев.

Ажәабжьқәа зегьы
0