Ричард Цкәуа игәалашәара ахьӡала Пицунда ашьапылампылтә турнир мҩаԥысуеит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаРичард Цкәуа игәалашәара ахьӡала Пицунда ашьапылампылтә турнир мҩаԥысуеит
Ричард Цкәуа игәалашәара ахьӡала Пицунда ашьапылампылтә турнир мҩаԥысуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2015 шықәсазы амҩатә машәыр аҟны иҭахаз Ричард Цкәуа игәалашәара ахьӡала, Пицунда ашьапылампылтә турнир мҩаԥысуеит.

ГАГРА, жьҭаара 28 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. 2015 шықәсазы амҩатә машәыр аҟны иҭахаз, ашьапылампыл асҩы, Ричард Цкәуа игәалашәара ахьӡала, Пицунда имҩаԥысуеит ашьапылампыл абзиабаҩцәа рыбжьара ашьапылампыл маҷ азы атурнир. Ари аспорттә усмҩаԥгатә еиҿкаауп Ричард Цкәуа ианшьа Ҭимыр Агрба иаԥшьгарала. Атурнир иалахәуп Гәдоуҭеи Гагреи араионқәа рҟнытә акомандақәа 14.

"Сара гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа расҳәоит, ари атурнир ақәҿызҭыз зегьы. Аиашазы, абриаҟара акомандақәа алахәхоит ҳәа сыҟамызт. Ричард Цкәуа игәалашәаратә турнир итрадициахап ҳәа сгәы иаанагоит", — иҳәеит Ҭимыр Агрба.

Ричард Цкәуа ианшьа, аҿар рахь ихы нарханы аҳәара ҟаиҵеит, еснагь амҩатә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.

"Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, амҩатә машәырқәа рҟны иҭахаз аҿар даара ирацәахеит. Ричардгьы урҭ дырхыԥхьаӡалоуп. Иахьа амашьына аԥсҟы зку зегьы сшәыҳәоит амҩатә ԥҟарақәа шәрықәныҟәаларц, шәхы шәыхьчаларц", — ҳәа ациҵеит Ричард ианшьа.

Ричард Цкәуа данҭахоз 23 шықәса ракәын ихыҵуаз, дабиԥазаҵәын, аҭаацәара аԥҵара дахьымӡацызт.

Ричард даныхәыҷыз инаркны ашьапылампыл асра бзиа ибон. Иара професиналла аспорт дазымнеиуазаргьы, ашьапылампыл абзиабаҩцәа ркомандақәа анеиԥылоз, алҵшәа бзиақәа ааирԥшуан. Хаҭалагьы, изныкымкәа ашьапылампыл маҷ азы имҩаԥысуаз атурнирқәа реиҿкааҩцәа дыруаӡәкын.

"Ричарди сареи командак аҟны ашьапылампыл ҳаицасуан. Даара дуаҩы лашан. Пофесионалла ашьапылампыл иасуаз иаасҭагьы иара еиҳа ари аспорт хкы бзиа ибон. Агәра згоит, Ричард игәалашәара иазку атурнир шықәсырацәала имҩаԥыслап ҳәа", — азгәеиҭеит Ричард иҩыза Ҭимыр Сақаниа.

Ричард Цкәуа игәалашәара ахьӡала ашьапылампылтә турнир аартра иалахәын, иҭаацәа, иҩызцәа, Пицунда ақалақь ахадара.

Атурнир мҩаԥыслоит мчыбжьык аҩнуҵҟа.

Ажәабжьқәа зегьы
0