Анаплакыҩцәа Аидгылара амҩа дырԥшӡеит

© Sputnik Владимир БегуновАнаплакыҩцәа Аидгылара амҩа дырԥшӡеит
Анаплакыҩцәа Аидгылара амҩа дырԥшӡеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апальмақәа алашара рылзырԥхо алампақәа ықәдыргылеит Аҟәа, Аидгылара амҩаҟны асабша, жьҭаара 29 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 31 – Sputnik, Владимир Бегунов. Апальмақәа алашара рылзырԥхо алампақәа ықәдыргылеит Аҟәа, Аидгылара амҩаҟны асабша, жьҭаара 29 рзы. Аҭынчра апроспекти Лакоба имҩеи рыбжьара анаплакыҩцәа иқәдыргылеит жәаҩа лампа ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент аҭыԥ аҟынтәи.

"Ақалақь арԥшӡара моданы иалаагалар ҳҭахуп, — иҳәеит активист Саид Ҭаниа. – акоммерциатә еилазаарақәа абри амҩаҿ иҟоу ҳрылсны аԥара еизганы жәаҩа лампа ааҳхәеит уахынла апальмақәа рырлашаразы. Архитектуреи адизаини рстудиа анапхгаҩы Маршан Шебнем ақалақь ҳамҭас иалҭеит аҽа ҩеижәихәба лампа. Урҭ ачықьқәа рылрашаразы иҳаргылеит".

Ҭаниа иажәақәа рыла аԥшьгара ақалақь Ахадараҟны иадгылеит Ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиеи СУЕС аиҳабы Ҭимур Џьынџьали, адәныҟа лашара аиҳабы Самсон Уаначеи.

Урҭ автомашьына ҷыдақәаеи, аусуҩцәеи, афонарқәа рҟынтәи аҭыԥ аҟынӡа иаҭахыз аматериалқәеи рыла еиқәдыршәеит.

Анаплакыҩцәа азыԥшуп рҿырԥшы егьырҭ анаплакыҩцәеи ақалақь ауааԥсыреи ирымырдап ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0