Аԥснытәи аҽқәа ҩба Краснодар аԥхьахә ргеит

© Sputnik / Саид Царнаев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥснытәи аҽқәа ҩба Краснодар аԥхьахә ргеит
Аԥснытәи аҽқәа ҩба Краснодар аԥхьахә ргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Краснодар имҩаԥысыз ахыркәшаратә ҽырыҩрақәа рҿы аԥснытәи аҽқәа ҩба аԥхьахә ргеит.

АҞӘА, жьҭаара 31 – Sputnik, Владимир Бегунов. Аԥснытәи аҽыҩқәа ԥшьба алахәын асабша, жьҭаара 29 рзы Краснодар имҩаԥысыз ахыркәшаратә ҽырыҩрақәа. Урҭ рҟынтәи ҩба аԥхьахәқәа роуит. Абри атәы

Sputnik иазааицҳаит АГТРК аспорттә программақәа рредактор Адгәыр Гәынба.

Адгәыр Гәынба ишиҳәаз ала ԥшьышықәса зхыҵуа англиатәи аҽыжәлахк иаҵанакуа аҽыҩ Праут Соул Амаилерцәа рыхраҿа агараҿы аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит (1600 метра аҩра). Аҽы зтәу Беслан Абхазаа аԥаратә ԥхьахә иоуит – 400 нызқьмааҭ. Аҽы Лонг Вал 3 200 метра рҟны ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит. Лонг Вал итәуп Нодар Цишба, ари аҽгьы ԥшьышықәса ахыҵуеит, англиатәи апарода иатәуп.

Аицлабрақәа дрылахәын Аԥсны аҽытә спорт Афедерациа апрезидент Аслан Камлиа, иара убасгьы Аԥснынтәи аҽырыҩра ахәаԥшраз инеиз.

"Арҭ аҽырыҩрақәа еиҳа хьӡы-ԥша змоу ҽырыҩрақәоуп. Краснодартәи аипподром аҟны икнаҳауп Аԥсны абираҟ", — иҳәеит Аԥсны аҽытә спорт Афедерациа апрезидент Аслан Камлиа.

Краснодартәи аипподром аҟны ахыркәшаратә ҽырыҩрақәа ирылахәын 146 –ҽы: Краснодартәии Ставропольтәии атәылаҿацәқәеи, Московатәи аобласти, Адыгеи, Аԥсни, Чечнеи, Татарстани, Ҟарачы-Черқьесски рҟынтәи. Аԥыжәаратә фонд иартәеит 15 510 000 мааҭ.

Ажәабжьқәа зегьы
0