Аԥснытәи аспортсменцәа Шәача атурнир иалахәын

© Федерация Тхэквон-до (ИТФ) город МосквыТхеквандо азы иаарту атурнир "Кубок Черноморского побережья" Шәача имҩаԥысит
Тхеквандо азы иаарту атурнир Кубок Черноморского побережья Шәача имҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тхеквандо азы иаарту атурнир "Кубок Черноморского побережья" Шәача имҩаԥысит жьҭаара 27-30 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 31 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Тхеквандо азы иаарту атурнир "Кубок Черноморского побережья" Шәача имҩаԥысит жьҭаара 27-30 рзы. Аԥснытәи аспортсменцәа қәҿиарала иқәгылеит. Урҭ уажәшьҭа иалахәхоит Урыстәыла Ахраҿа ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит тхеквандо азы Аԥснытәи Афедерациа апрезидент Отар Гогәуа.

"Аиндаҭларақәа азырхан Урыстәыла Ахраҿахь алхрақәа. Ҳаспортсменцәа рықәгылара агәахәара снаҭеит. Атурнир аихшьаалақәа инарықәыршәаны Екатиренбург имҩаԥысраны иҟоу Урыстәыла Ахраҿа далахәхараны дыҟоуп Андреи Дашиан", — иҳәеит иара.

Абҵарамза анҵәамҭазы Беларуссиа имҩаԥысраны иҟоуп адунеи Ахраҿа. Аԥснытәи аспортсменцәа урҭ аиндаҭларақәа рҽаздырхиоит иҳәеит тхеквандо азы Аԥснытәи Афедерациа апрезидент Отар Гогәуа.

Тхеквандо азы иаарту атурнир "Кубок Черноморского побережья" мҩаԥысит жьҭаара 27-31 рзы, Шәача ақалақь аҟны. Атурнир иалахәхеит 38-ҩык Аԥснытәи аспортсменцәа.

Сынтәа атурнир иалахәын фышықәса инаркны изхыҵуа 500-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа Краснодартәи атәылаҿацә, Ростов, Волгоград, Москва, Ҟрым, Ставрополь, Аԥсны, Узбекистан рҟынтәи.

Ажәабжьқәа зегьы
0