Акинологцәа аҵаратә ҽазыҟаҵарақәа раан ауаа "еиқәдырхеит"

© Sputnik / Руслан Кривобок / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАкинологцәа, архивтә фото
Акинологцәа, архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәии Урыстәылатәии акинологцәа еицымҩаԥыргаз аҵаратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысит жьҭаара 23-30 рзы.

АҞӘА, абҵара 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрреи Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрреи еицымҩаԥыргеит аҵара-ҽазыҟаҵарақәа Аԥсны. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра амцарцәара-еиқәырхаратә маҵзура аԥшаара-еиқәырхаратә отриад аиҳабы Саҭбеи Гындиа.

"Ҳара имҩаԥаагоит ауаа реиқәырхара иазырхоу аҵара-ҽазаҟаҵарақәа", — иҳәеит Гындиа.

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра амцарцәара-еиқәырхаратә маҵзура аԥшаара-еиқәырхаратә отриад аиҳабы Саҭбеи Гындиа иажәақәа рыла аԥсуа кинологцәа рзы уи аҵак ду амоуп, иԥышәоуп.

"Ҳәарада асеиԥштәи аҵарақәа даара ихәарҭоуп. Аиҳаракгьы иазгәаҭатәуп арахь ишаҳзааз аԥышәа бзиа змоу акинологцәа", — иҳәеит иара.

Аԥсны иҟоу акинологиатә лақәа ҩба заҵәык роуп, дара урҭгьы макьаназы ихәыҷқәоуп, рԥышәа маҷуп ҳәа азгәеиҭеит иара.

Асеиԥш иҟоу аҽазыҟаҵарақәа шықәсык ахь знык имҩаԥгахалоит. Аҽазыҟаҵарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны иҭҵаан ҳаамҭазтәи аметодикақәа, еимдан аԥышәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0