Рита Ҭраԥшьԥҳа: ахшараиурҭатә ҩнаҟны узыцәшәаша ҳәа акгьы ыҟам

© Sputnik / Томас ТхайцукАреспубликатә хәышәтәырҭа ахшараиурҭа
Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахшараиурҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еиуеиԥшым аинформациатә хархәагақәеи асоциалтә ҳақәеи рҟны ицәырҵит аинформациа Ареспубликатә хшараиурҭатә ҩнаҟны аинфекциа иахҟьаны ахәыҷқәа аҿкы шьҭыркаауеит ҳәа. Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахшараиурҭатә ҟәша аиҳабы Рита Ҭраԥшьԥҳа абри ахҳәаа алҭоит.

АҞӘА, абцара 1 – Sputnik. Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахшараиурҭатә ҟәша аиҳабы Рита Ҭраԥшьԥҳа ииашам, иҵаҵӷәыдоуп ҳәа азылҳәоит ахшараиурҭа аҩныҵҟа ахәыҷқәа аҿкчымазара шьҭыркааит ҳәа ауааԥсыра ирыларҵәоу ажәабжь. Абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра аофициалтә саит.

"Ахшараиурҭа аҟәша аусура зегьы ззырхо иарбанызаалак ҿкчымазарак аҟамзаароуп. Ҳара иҳамоуп ҳхатәы санитартә-епидемиологиатә маҵзура. Уа аус зуа амедицинатә усзуҩцәа ибзиаӡаны еилыркаауеит ирыду аҭакԥхықәра. Агәаҭарақәа ирыхрыжьуеит аҭыӡқәа инадыркны иарбанызаалак амедицинатә хархәагақәа рҟынӡа", — лҳәоит Ҭраԥшьԥҳа. Ҳаамҭазтәи атехнологиақәагьы иалдыршом иарбанызаалак ҿкык аҟазаара.

"Ахәыҷы данилак нахыс иан лҟны дыҟоуп. Ичмазцәоу ахәыҷқәа ракәзар, ауада ҷыда рзалхуп, дара рахь инеиуа амедицинатә усзуҩцәа адезинфекциа иахрыжьуеит", — лҳәоит аҳақьым.

Агәабзиарахьчара аминистрра иазгәанаҭоит ааигәа зыԥсҭазаара иалҵыз ахәыҷы ихьыз зыхҟьаз аилкаара ишаҿу, акомиссиа алкаақәа ҟанаҵаанӡа Рита Ҭраԥшьԥҳа ахҳәаа алҭар лҭахым ҳәа.

Аҭәатә палочка аҟазаара аганахьала Ҭраԥшьԥҳа лажәақәа рыла жьҭаара 10 рзы ахшараиурҭаҟны иит ешьеи еҳәшьеи (1600 — 1800 грамм иҟаз). Ахәыҷқәа иаразнакы акиувез иҭарҵеит. Рҭагылазаашьа маҷк ианеиӷьха, жьҭаара 20 рзы аҳақьым Амра Барцыцԥҳа дрыцҵаны ахәыҷтәы хәышәтәырҭахь ишьҭын.

"Жьҭаара 21 рзы иргаз анализқәа иаадырԥшит апалочка аҟазаара. Уахь ианаагоз иҟаҳҵаз анализқәа рҟны апалочка ыҟаӡамызт. Апалочка ашьҭамҭа ыҟамызт дара арҭ амшқәа рзы иахьышьҭаз аинтенсивтә терапиа апалатаҿгьы", — лҳәоит Ҭраԥшьԥҳа.

"Имҩаԥысуа аинформациатә кампаниа хықәкны иамоу ауаа ргәабзиара акәӡам, Рита Ҭраԥшьԥҳа аусура ламхроуп", ҳәа илшьоит аҳақьым.

Ажәабжьқәа зегьы
0