Атәыла Ахада Ауаажәларратә палата уаанӡатәи аилазаара аусура хра аман ҳәа иԥхьаӡоит

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны Ахада иусбарҭа
Аԥсны Ахада иусбарҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада дылԥылеит Ауаажәларратә палата уаанӡатәи амаӡаныҟәгаҩ Наҭелла Акаԥҳа.

АҞӘА, абҵара 2 – Sputnik, Владимир Бегунов. Рауль Ҳаџьымба дазааҭгыланы далацәажәеит Ауаажәларратә палата уаанӡатәи аилазаара хра аманы аус шауаз атәы Ауаажәларратә палата уаанӡатәи амаӡаныҟәгаҩ Наҭелла Акаԥҳаи иареи реиԥылараан.

"Ауаажәларратә палатеи ҳареи ҳаусеицура уаҩ игәы иахәартәы иҟан. Имҩаԥгаз аиԥыларақәагьы лҵшәаданы иҟамызт", — иҳәеит атәыла Ахада.

Акаԥҳа илҳәеит апалата аиҿкааразы иалхтәны ишыҟоу амаӡаныҟәгаҩ, уи ихаҭыԥуаа, акомиссиақәа рнапхгаҩцәа.

"Сгәы иаанагоит атәылаҟны аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы, аполитикатә процессқәа демократиала амҩа рықәҵаразы иҳалшо ҟаҳҵап ҳәа", азгәалҭеит наҭелла Акаԥҳа.

Рауля Ҳаџьымба игәаанагарала ауаажәларратә палата напынҵаны иамоу атәыла аполитикатә ԥсҭазаара аганқәа реидкылароуп.

Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵеиҩит Адҵа: «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә палата алахәылацәа рышьақәырӷәӷәаразы». Аԥсны Ауаажәларратә палата иалахәылоуп 35-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0