Ҳаџьымба: аинвалидцәа рзы ахәшәқәа рыхәԥса лаҟәызароуп

© SputnikРауль Ҳаџьымба имҩаԥигеит аилацәажәара
Рауль Ҳаџьымба имҩаԥигеит аилацәажәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаԥигеит аилацәажәара. Уаҟа ирылацәажәан аинвалидцәа ирзоурыжьуа ахәшәқәа рыхәԥса.

АҞӘА, абҵара 2 – Sputnik, Бадра Аҩӡба. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаԥигеит аилацәажәара. Уаҟа ирылацәажәан аинвалидцәа ирзоурыжьуа ахәшәқәа рыхәԥса. "Аинвалидцәа ироуа ахәшәқәа рыхәԥса иашаны ишьақәыргылам. Ауаа арзаҳалқәа сзынарышьҭуеит. Иҟоу здыруеит", — иҳәеит иара.

Иара иҳәеит аӡәы ахара идиҵарц игәы ишҭам, аха иара убри аан Агәабзиарахьчара аминистрра абри аганахьала русура еиҭахәаԥшыроуп ҳәа.

АУН "Аԥсныфармациа" адиректор Рустам Адлеиба иазгәеиҭеит ахәшәқәа рыхәԥсатә политика ахылаԥшра шыуадаҩу.

Адлеиба иажәақәа рыла ахәшәқәа рыхәԥса аџьармыкьаҿтәи ахәԥсақәа излареиԥшым маҷуп.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ешба иазгәеиҭеит аибашьра аинвалидцәа зегьы релектронтә база шаԥҵахо. Уаҟа иарбахоит урҭ хәшәыла реиқәыршәашьа атәгьы.

"Асоциалтә аптекақәа аԥҵатәхоит, араионқәа рҟны аҟәшақәа ҟалоит", — иҳәоит Ешба.

Иара игәаанагарала уи иалнаршоит аинвалидцәа ргәабзиара ашьақәыргылара иазырхо аԥарақәа аекономиа рзура.

Ажәабжьқәа зегьы
0