Риҵатәи амилаҭтә парк ахашәала ҟанаҵеит

© Sputnik Томас ТхайцукРиҵатәи ареликттә милаҭтә парк
Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк адиректор Рита Лолуаԥҳа Sputnik иазеиҭалҳәеит апарк жьҭаарамзазы абиуџьет иазаанагаз ахашәала атәы.

АҞӘА, абҵара 2 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. 2016 шықәса жьҭаара 1-31 рзы Риҵатәи ареликттә парк ахылаԥшра аушьҭырҭатә ҭыԥ аҟны иҭиин адуцәа рзы 19954 билеҭ, ахәыҷқәа рзы — 426 билеҭ. Иааидкыланы 7,5 миллион мааҭ рыхә.

"Аԥхынтәи асезон маҷк ихьшәаны иалагеит, аха нанҳәамзеи ҭагалан раԥхьатәи амзақәеи алҵшәа бзиа ҳзаарышьҭит. Ауаа рацәан. Ахылаԥшра аушьҭырҭатә ҭыԥ аҟны иҭиин адуцәа рзы 19954 билеҭ, ахәыҷқәа рзы — 426 билеҭ. Иааидкыланы 7,5 миллион мааҭ рыхә", — лҳәеит Рита Лолуаԥҳа.

Адиректор лажәақәа рыла Риҵатәи амилаҭтә парк аҵакырадгьыл аҟны имҩаԥысуеит аӡиа аҟәарақәа рырӷәӷәаразы аусурақәа.

"Акурорттә сезон алагамҭазы ҭыԥ-ҭыԥла амҩахәҭақәа аремонт рзаауит. 8 миллионк рҟынӡа ақәхҳарџьит. Риҵаҟа ухазгало амҩа ҳарҭбааит. Уажәы аӡиа аҟәарақәа рырӷәӷәара ҳаҿуп. Иҳагәҭакуп акаҭран ақәҵара, алашара анагара", — лҳәеит Лолуаԥҳа.

Рита Лолуаԥҳа иазгәалҭеит 2015 шықәса жьҭаарамзазы иҭиин 6 миллионк рыхә абилеҭқәа, 2014 шықәса рзы миллион мааҭ рыхә ҭиин. 2016 шықәса раԥхьатәи ажәамз рзы иҭииуп: адуцәа рзы 565 308 билеҭ, ахәыҷқәа рзы — 34106 билеҭ. Иааидкыланы 201 268 400 мааҭ рыхә.

Ажәабжьқәа зегьы
0