Аԥсны азин ыҟоуп ҩажәижәаба тонна рҟынӡа аҳамса акра

© Sputnik / Владимир Федоренко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны азин ыҟоуп ҩажәижәаба тонна рҟынӡа аҳамса акра
Аԥсны азин ыҟоуп ҩажәижәаба тонна рҟынӡа аҳамса акра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсыӡкразы Афедералтә маҵзура аусбарҭа аиҳабы Виктор Ашарин еиҭеиҳәоит аԥсыӡаарыхразы Урыстәыла-Аԥснытәи акомиссиа ахәбатәи асессиа аихшьаалақәа ртәы.

АҞӘА, абҵара 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны шықәсык ала 30 000 тонна иреиҳамзароуп иркуа аҳамса иҳәеит Аԥсыӡкразы Афедералтә агентра аусбарҭа аиҳабы Виктор Ашарин. Аус ауеит Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аиқәшаҳаҭра Амшын еиқәаҟны аԥсыӡкра аҭышәныртәаларазы. Ҵыԥх ҳара ҳалацәажәеит еиқәышаҳаҭрала абри азҵаара ҳазнеироуп ҳәа.

ООН аконвенциа инақәыршәаны еиқәышаҳаҭрала иазнеитәуп аҳамса рационалла ахархәара.

"Ҵыԥх ишьақәҳаргылеит ҳҳәынҭқаррақәа рыҩба рыҭҵаарадырратә еилкаарақәа инарықәыршәаны аҳамса акразы алимит шьақәҳарӷәӷаларц", — иҳәеит Ашарин.

Ашарин иажәақәа рыла аиҿцәажәарақәа уадаҩны имҩаԥысуан.

"Ҳара ҳазыӡырҩит атәылақәа рыҩбагьы рҭҵаарадырратә лкаақәа. Урҭ рҟны иазгәаҭан иахьатәи аамҭазы аҳамса акра акыр иԥырхагам азнеишьа шаҭаху. Аҳамса акәтыркра акыр илаҟәуп. Ҳинститут ишьақәнаргылеит Амшынеиқәатә бассеин атәылақәа зегьы рзы ззин ыҟоу 180-190 нызқь тонна еиҳамкәа аҳамсакра алимит", — иҳәеит иара.

Урыстәылатәи аган Аԥсны иаднагалеит шықәсык аҩныҵҟа 30 000 тонна еиҳамкәа аҳамса акра ҳәа азгәеиҭеит Ашарин.

"Аԥснытәи аҭҵаарадырра иазгәанаҭеит ишалшо 35 000 тонна аҳамса акра, атәыла анапхгара – 40 000 тонна. Уи ҳәарада аекономикатә хашәала аиуроуп иззырхо. Аха хьаҳәрадатәи акәаԥ аҟны ҳнеир, нас уи арҽеира уадаҩхоит", — иҳәеит Ашарин.

Урыстәылатәи аделегациа аҽазныкгьы иазгәанаҭеит иахьазы Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аԥсыӡкразы анорматив-зинтә база шыҟам. Ашарин иҳәеит аԥсуа ган уи адокумент 2017 шықәсазы иазҳархиоит ҳәа шазгәарҭаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0