Урыстәылатәи афинанстә цхыраара еихшоуп

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәылатәи афинанстә цхыраара еихшоуп
Урыстәылатәи афинанстә цхыраара еихшоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар реизара изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥысит ахаша, абҵара 2 рзы.

АҞӘА, абҵара 3 –Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Сынтәатәи ашықәс аҟынтәи 2017 шықәса рахь ииагахоит 2 миллиардки 281 миллион мааҭ? иҳәеит Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Афинансқәа рминистр Дмитри Сериков Аԥсны жәлар реизара изаамҭанытәиу аилатәараҟны.

"Иазгәасҭар сҭахуп арҭ аԥарақәа џьаргьы ишмыӡуа. Урҭ сынтәа ахархәара ҳазрыҭом, ҽаантәи ашықәс ахь ииасуеит", — иҳәеит иара.

Ареспубликатә биуџьет аныхрақәа ракәзар иркьаҿхоит ҩ-миллиардки 997 миллион мааҭ рыла, ҳәа азгәеиҭеит Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ

Дмитри Сериков иара убасгьы иазгәеиҭеит ареспублика ахатә хашәалақәа 740 миллион мааҭ ишеиҵахо.

"Аркьаҿрақәа зыдҳәало ахәцҵа ашәахтә 300 миллион рҟынӡа иахьеиҵатәуи 2016 шықәса рыҩныҵҟа Апарламент ирыдыркылаз, атәыла Ахада инапы зҵеиҩыз ариашарақәеи роуп", — иҳәеит Сериков.

Ахәцҵа шәахтә азы азакәан иалагалахаз аиҭакрақәа ҳаззыԥшыз ашәахтәқәа рхышәа-ҵышәа еиҵартәит 300 миллион мааҭ рыла иҳәеит Сериков.

Ажәабжьқәа зегьы
0