00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:45
15 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Агазеҭ "Гал" ҭыҵуеижьҭеи 30 шықәса ҵит
18:15
14 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ҭали Џьапуаԥҳа Ателерадиоеилахәыра ахантәаҩыс дҟаҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукҬали Џьапуаԥҳа
Ҭали Џьапуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭали Џьапуаԥҳа уаанӡа аус луан аԥсуа бызшәа аҿиара аҳәынҭқарратә программа анагӡаразы Аҳәынҭқарратә комиссиа ахантәаҩыс.

АҞӘА, абҵара 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа Реилазаара еицҿакрыла рыбжьы рҭиит Ҭали Џьапуаԥҳа Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра адиректор хадас лыҟаҵаразы.

Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц ателерадиоеилахәыра анапхгаҩ ҿыц Аминистрцәа Реилазаара алахәылацәа ддырдыруа иҳәеит: "Ишыжәдыруа еиԥш Аԥснытәи ателерадиоеилахәыра адиректор хада игәамбзиара иахҟьаны иусура аанижьыр акәхеит. Ишәыдаагало акандидатура зегьы ибзианы дыжәдыруеит. Ҭали Џьапуаԥҳа иаҳзаанлыжьит аибашьра иазку хәы змам архив. Ҳара ҳаигәыӷуеит лԥышәеи лыпрофессионализми ахархәара шрылҭо", — иҳәеит Барцыц.

Ҭали Џьапуаԥҳа диит 1956 шықәса абҵара 29 рзы Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан.

1977 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә рҵаҩратә институт, афилологиатә факультет.

1978 — 1979 шш. – Ҷлоутәи абжьаратә школ аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы.

1987 — 1990 шш. — ААУ аԥсуа литература акафедра арҵаҩы.

1990 шықәсазы Дырмит Гәлиа ихьӡ зху агуманитартә ҭҵаарақәа Аԥснытәи ринститут аҭҵаарадырратә усзуҩ.

1996 — 2002 ш. – Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутат.

2001 — 2003 шш. – Аԥсуа бызшәа аҿиараз Аҳәынҭқарратә Фонд анапхгаҩы.

2003 – 2004 шш. – Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵара аминистр.

Ажьырныҳәа 19 2016 шықәса инаркны Аԥсны Ахада аҳәынҭқарратә бызшәа аполитика азҵаарақәа рзы ицхырааҩыс дыҟан.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла, Аԥсны Афырхаҵа.

Ажәабжьқәа зегьы
0