Америкатәи "адемократцәа" Аԥсны аҭагылазаашьа ргәаԥхом

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФилософ-антрополог, член Зиновьевского клуба МИА "Россия сегодня" Владимир Лепехин
Философ-антрополог, член Зиновьевского клуба МИА Россия сегодня Владимир Лепехин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны арратә мчқәа рҽахьдырӷәӷәо Қырҭтәылеи Мраҭашәареи арҭынчуам, иҳәоит ЕАЕС Аинститут адиректор Владимир Лепехин.

2014 шықәса абҵара 24 рзы Аԥсни Урыстәылеи рнапы зҵарҩыз Аиқәшаҳаҭра хада аԥҟарақәа руак инақәыршәаны ииасыз ахашазы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думаҿы ирыдыркылеит азакәан, Аԥсни Урыстәылеи еидҵоу рырратә мчы аиҿкаара аратификациа азуразы.

Иарбоу аиқәшаҳаҭра аратификациа азура жәабыжь ҿыцым. Иуҳәар ауеит де-факто ирыдыркылахьоу аӡбра шьақәнарӷәӷәеит ҳәа. Аԥсни Урыстәылеи еидҵоу рырратә мчы аиҿкааразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын 2015 шықәса абҵара 21 рзы, Москва ақалақь аҟны.

Аԥсны жәлар Реизара Апарламент ари адокумент аратификациа азнаухьеит, уажәы – Урыстәыла Аҳәынҭқарратә дума аратификациа ҟанаҵеит.

Иарбоу адокумент иҳәаақәнаҵоит еидҵоу арратә гәыԥ аиҿкаашьеи, аусушьеи, иззырхои. Аиқәшаҳаҭра иарбанызаалак акала Қырҭтәыла ишаԥырхагамгьы аофициалтә Қарҭ иазыхгом агәыларатә республика ахьыԥшымра иазырхоу аусқәа аныманшәалахоу, аиҳаракгьы арратә мчрақәа рырӷәӷәара анакәхо.

2008 шықәса рзы Қырҭтәыла Қарҭи Москвеи рдипломатиатә еизыҟазаашьа ааннакылеит Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспубликеи рхьыԥшымра аназханаҵа ашьҭахь.

2012 шықәса рзы амчрахь иааиз ақырҭуа напхгара ҿыц аҳәамҭа ҟарҵеит Урыстәылеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьа арманшәалара аҵак ду аманы ишырбо. Ус шакәугьы аӡәгьы изы имаӡам ЕАШ (США) аҳәынҭдепартаменти

НАТО аструктурақәеи Қырҭтәыла рекспансиатә планқәа рынагӡаразы форпостны ишахәаԥшуа.

Ҳәарада, урҭ аструктурақәа ирылшо ҟарҵоит ақырҭуа елита рнапахьы раагаразы. Убас ааигәа, ЕАШ (США) апрезидент ихаҭыԥуаҩ Джо Баиден Аԥсни Урыстәылеи еидҵоу рырратә мчы аиҿкаара аратификациа дақәыӡбеит. Иара Қырҭтәыла Аԥыза-министр Георги Квирикашвили агәра ииргеит иахәҭаны ианыҟала адгылара ширҭо, Қырҭтәыла асуверинитети аҵакырадгьылтә акзаареи ишрыдгыло.

Ишԥеилкаатәу Баиден иҳәамҭа? Мышқәак рышьҭахь Джо Баиден имаҵура шаанижьуа уазхәыцыр, уи рацәак акгьы аанагом. Джо Баиден диеԥшымкәа дцәажәоит Барак Обама. Иаҳҳәап ииасыз асабшазы иара иҳәеит Вашингтон аполитика еснагь ишырҭаху еиԥш алҵшәақәа шамоуа, атәылақәа рызҵаарақәа рхы анрыларгалогьы аҽа ҭагылазаашьақәак рахь ишкылнагало.

Барак Обама игха дуны иҟаҳҵеит ҳәа азиҳәоит НАТО Ливиа имҩаԥнагаз аинтервенциа адгылара. Аиаша уҳәозар, Америкеи Пентагони Ливиа, Афганисҭан, Ирак, Иемен, Шьамтәыла имҩаԥырго рыдәныҟатә политика зегьы гхоуп.

Америка анапхгара игха дуӡоуп ҳәа иушьар ауеит 2008 шықәса рзы Қырҭтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ақәлара адгылара Пентагон иахьанаҭоз. Қырҭтәыла Михаил Саакашвили мап ҳәа иарҳәазаргьы, америкаа рахь рхы шкыдыц икыдуп.

Сгәы иаанагоит Джо Баидени иара Барак Обамагьы ирҳәо ушьҭа ҵакык аманы иахәаԥштәым ҳәа, еиҳа аинтерес амоуп ареспубликанеццәа иқәдыргылаз акандидат Дональд Трамп иҳәамҭақәа. Иара алхрақәа раԥхьатәи иқәгыларак аҿы иҳәоит арежимқәа рахҳәара мап ацәаҳкроуп ҳәа.

"Ирак, Ливиа, Египт, Шьамтәыла арежимқәа рахҳәара ацынхәрас ҳадгылаҩцәеи ҳареи ҳамч еилаҵаны аислам террор аанаҳкылароуп", — иҳәеит Трамп.

Ажәабжьқәа зегьы
0