– Дональд Трамп ииааира ЕАШ (США) аполитика ишԥаныԥшыр алшо, аиҳаракгьы Урыстәылеи дареи реизыҟазаашьаҟны?
– Абизнесуаҩ, амедиомагнат Дональд Трамп Америкеиԥш анҭыҵгьы президентс иҟалара рацәак иззыԥшымыз хҭысуп. Уаанӡа аполитикатә ԥышәа змауцыз ауаҩы президентс иҟалара адунеитә политика агәҽанҵара анаҭоит. Ганкахьала, уаанӡатәи апрезидентцәа дырхьыԥшымкәа иполитика мҩаԥигалар ауеит, аҽаганкахьала уззыԥшӡам акәхаргьы ауеит уи иполитика.
Америка адәныҟатәи аполитиказгьы уи макьаназы ак зхуҳәаауа акәым, иаҳҳәап ИГИЛ, Шьамтәыла, Украина уҳәа рганахьала. Клинтон дҟалазҭгьы иудыруан Урыстәылеи Америкеи реиндаҭлара ишацҵахоз. Трамп иганахьала макьаназ иуҳәара уадаҩуп.
Данцәажәоз Трамп иҳәон ИГИЛ иаҿагылан ақәԥараҿы Урыстәыла имҩаԥнаго аусқәа срыдгылоит ҳәа, аха аус аҿы иҟалаша еилкаам.
Аус аҟны аусеицура амҩа аицықәлареиԥш аконфронтациахь иианагаргьы ауеит.
– Қырҭтәыла аҵакырадгьыл акзаара азҵаараҿы Америка апозициа ԥсаххарыма?
– Иԥсаххоит ҳәа аҳәара шаҳҭахугьы аоптимизм азы аҵаҵӷәы рацәа ыҟам. Аиҭахгьы исҳәоит — ирацәоуп Америкеи Урыстәылеи реизыҟазаашьа иадҳәалоу. Ҳаргьы ҳәарада америкатәи ахырхарҭала аус ааулароуп, иаҳҭаху раҳҳәалароуп аполитикцәа, ажурналистцәа, азакәандырыҩцәа. Аха адәныҟаполитикатә усура иазоурыжьуа аԥарақәа рыла уи акыр иуадаҩуп.
– Адәныҟаполитикатә курс ҿыц Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирныԥшрыма?
– ЕАШ (США) адәныҟаполитикатә хырхарҭа хадақәа макьаназ иалкаам. Женеватәи аиҿцәажәарақәа ртәы ҳҳәозар, уажәтәи аформат шыҟоу иаанхоит ҳәа сгәы иаанагоит.