Гагратәи амилици аусзуҩцәа адныҳәаларақәа рыдыркылеит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи амилици аусзуҩцәа адныҳәаларақәа рыдыркылеит
Гагратәи амилици аусзуҩцәа адныҳәаларақәа рыдыркылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагратәи амилициа аусзуҩцәа араион Ахадараҟнытә адныҳәаларақәа рыдыркылеит.

ГАГРА, абҵарамза 10 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Амилициа аусзуҩцәа рзанааҭ амш ныҳәа аҽны, Гагра араион Ахадара, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Гагра раионтә усбарҭа аиҳаби гәыԥҩык аусзуҩцәеи рааԥсара ду азы, аҳаҭыртә шәҟәа ранаршьеит.

"Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит, шәара шәус иацу ауадаҩрақәеи ашәарҭареи. Уахи ҽни амилициа аусзуҩцәа азинеиҿкаара шәнапы алакуп, шәыуаажәлар рыхьчареи реиқәырхареи рзы шәхы шәеигӡом. Ацәгьоурақәа раԥырҟәҟәареи ацәгьоуцәа аҿагылара арыҭареи уалс ишәыдуп. Иҭабуп шәааԥсаразы. Шәзанааҭ амш аҽны ишәзеиӷьасшьоит агәабзиареи аманшәалареи", — иҳәеит Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба.

Араион Ахадараҟнытә аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьан, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Гагратәи араионтә усбарҭа аиҳабы, аподполковник Асҭамыр Ҳагәышь, амилициа аусзуҩцәа аподполковник Емик Агрба, амаиор Беслан Сақаниа, амаиор Едуард Карапетиан, акапитан Нарҭ Џьугьелиа, акапитан Енвер Џьениа, алеитенант еиҳабы Изольда Нанба, алеитенант Сима Лакоиа, алеитенант Аида Ԥачлиа, асержант еиҳабы Рафаель Еныкь.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Гагра раионтә усбарҭа аусзуҩцәа рыхәҭакахьала, араион Ахадара иҭабуп ҳәа рарҳәеит рганахь иаадырԥшыз агәцаракразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0