Гагра апальмақәа реиҭаҳара нап аркуп

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагра апальмақәа реиҭаҳара нап аркуп
Гагра апальмақәа реиҭаҳара нап аркуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ақалақьтә сабша аҳәаақәа ирҭагӡаны Гагра ақалақь аҟны апальмақәа реиҭаҳара иалагеит.

ГАГРА, абҵарамза 11 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Ақалақьтә сабша аҳәаақәа ирҭагӡаны, Гагра араион Ахадареи адепутатцәеи ақалакь аиҿкаареи ариаҵәареи знапы иану акомбинат аусзуҩцәеи нап адаркит амшын аԥшаҳәаҟны апальмақәа реиҭаҳара.

Аусеиҿкаара иаԥшьгамҭоуп Гагра араион Ахадара анхарҭатә ҟәша аиҳабы Бадра Ԥлиа.

"Ари раԥхьатәи шьаҿоуп, ҩаԥхьа апальмақәа реиҭаҳара азԥхьагәаҭаны иҳамоуп ақалақь егьырҭ ахәҭақәа рҟны. Ақалақь ариаҵәаразы акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, раԥхьатәи амш аҽны, аекзотикатә ҵиаақәа еиҭаҳан асасааирҭа "Абхазиа" инаркны Ахьӡ-аԥша абаҟанӡа, зынӡа еиҭаҳҳаит 35 ҵла", — иҳәеит апальмақәа реиҭаҳара зхы алазырхәыз, Гагра араионтә Еизара ахантәаҩы Асҭан Агрба.

Аиҭаҳатәқәеи ирымадаз амаругақәеи рыла акциа алахәцәа еиқәдыршәеит, ақалақь аиҿкаареи ариаҵәареи знапы иану акомбинат аусзуҩцәа.

Апальмақәа реиҭаҳара ихы алаирхәит Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганбагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0