Урыстәылатәи аруаа авидеорбагақәа роуит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәылатәи аруаа авидеорбагақәа роуит
Урыстәылатәи аруаа авидеорбагақәа роуит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Авидеорбагатә камерақәа иалдыршоит аррахәҭақәа русуреи, аҽазыҟаҵаратә уснагӡатәқәа рымҩаԥысшьеи, арратә обиектқәа рыргылара шымҩаԥысуеи хылаԥшра рыҭара.

АҞӘА, абҵара 11 – Sputnik. Урыстәыла Аладатәи арратә округ аимадаҩцәа иқәдыргылеит 300 рҟынӡа авидеорбагақәа арратә округ аррамаҵзурауаа ахьгылоу аҵакырагьыл аҟны ҳәа аанцҳауеит арратә округ апресс-маҵзура. Авидеорбагатә камерақәа иалдыршоит аррахәҭақәа русуреи аҽазыҟаҵаратә уснагӡатәқәа рымҩаԥысшьеи арратә обиектқәа рыргылара шымҩаԥысуеи хылаԥшра рыҭара.

"Еиҳа хадара змоу арратә обиектқәа ирыҵаркуа 300 000 метр ԥшьыркца рҟны акамерақәа ықәыргылоуп. Акамерақәа зегьы ирнылоу адыррақәа иаку аҳахьы инашьҭхоит", ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Акамерақәа ртехникатә еиқәыршәара иалнаршоит авидеосигнал аҭыԥ аҟынтәи, уи ахарара иахьырԥшымкәа апункт ахь анашьҭара. Асеиԥш иҟоу акомплектқәа рхы иадырхәон арратә жәларбжьаратә хәмаррақәеи, иаалырҟьан арратә хәҭақәа ргәаҭарақәеи иара убасгьы ар разыҟаҵара ашьақәыргылареи ирзырхоу ауснагӡатәқәа рымҩаԥгараан.

Аладатәи арратә округ анапхгара арегионалтә центр аҟны аманиторқәа ареалтә аамҭа иақәшәаны арратә обиектқәа рыргылара ҭырхуеит. Уи иалнаршоит аусурақәа рымҩаԥысшьеи рхаҭабзиареи раарԥшра.

Уажәазы имҩаԥысуеит Кузминскии Кадамовскии апалигонқәа рҟны аргыларақәа рымҩаԥысшьа аманиторинг. Аманиторинг мҩаԥысуеит иара убасгьы Краснодартәи атәылаҿацә аҟны игылоу арратә қалақьқәа рҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0