Аҳәынҭқарратә филармониаҟны афортепианотә ансамбль аконцерт мҩаԥысраны иҟоуп

© Sputnik Томас ТхайцукАҳәынҭқарратә филармониа
Аҳәынҭқарратә филармониа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҟны афортепианотә ансамбль аконцерт мҩаԥысраны иҟоуп ҩымчыбжь рышьҭахь.

АҞӘА, абҵара 14 – Sputnik, Бадра Аҩӡба. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҟны уаанӡа араҟа имҩаԥымсыцыз афортепианотә ансамбль аконцерт мҩаԥысраны иҟоуп ҩымчыбжь рышьҭахь, ҳәа лҳәеит афилармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьниаԥҳа.

"Уаанӡа афилармониаҟны афортепианотә ансамбль ықәымгылацызт. Уажәы ҳара уи ҳазыԥшуп. Иара иалахәхоит ҳсолистцәа. Сгәы иаанагоит аконцерт аинтерес ду аҵалап ҳәа", — лҳәеит лара.

Аконцерт алахәыла, Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа аиҳабы Нинель Бжьаниаԥҳа лажәақәа рыла аҵыхәтәантәи аамҭазы аклассикатә музыкаҟны афортепианотә дуетқәа, атриоқәа рылаҵәо иалагеит. Лара ишылҳәаз ала акамератә оркестр иацықәгылараны иҟоуп Нинель Бжьаниаԥҳаи Гәлиза Аҩӡыԥҳаи.

"Афортепианотә ансамбль иаспицификаны иҟоу ҩыџьа амузыкантцәа иаку организмк еиԥш иқәгылар ахьакәу ауп. Ҳара амузыка еицҳадаҳкылалароуп, ҳцәаныррақәа асинхронра рымазароуп. Ҳәарада уи имариоу усым", — лҳәоит Бжьаниаԥҳа.

Нинель Бжьаниаԥҳа иазгәалҭеит аклассикатә музыка ауаа рдоуҳара ҳаранакуеит, иарҭбаауеит ҳәа.

"Ҳара иҳацықәгылараны иҟоуп Давид Терзиан напхгара зиҭо акамертә оркестр", — лҳәоит амузыкант.

Вивальди, Бах, ҳаамҭазтәи акомпозиторцәа рырҿиамҭақәа рыла ишьақәыргылоуп аконцерттә программа.

Ажәабжьқәа зегьы
0