АҞӘА, абҵара 15 – Sputnik, Бадри Есиава. 2016 шықәса ажьырныҳәамза инаркны Аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Александр Цыбульски, Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика аминистрреи Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистрреи еицеиҿыркааз Аусутә форум аҟны дықәгыло.
"Иазгәаҭатәуп лҵшәа аманы иҟоу абри апроцесс шымҩаԥысуа иуадаҩу адәныҟаполитикатәи аекономикатә ҭагылазаашьақәа раан", ҳәа азгәеиҭеит Цыбульски.
Иара убасгьы иҳәоит Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны ишҭаҩу 100% урыстәылатәи аинвесторцәа злахәу аилахәырақәа 190, аԥсуа-аурыс еицнаплакқәа 407. Иара убасгьы иҳәеит аинвестициатә программа аларҵәара ишацҵоу.
"Апроектқәа реиҳарак абри аусутә форум аҟны ицәыргақәҵоуп. Аиҳаракгьы дара ззырхоу атуризм, ақыҭанхамҩа, аргылара уҳәа русхкқәа роуп", — иҳәоит Цыбульски.
Аусутә форум аҟны иара убасгьы аԥснытәии урыстәылатәии аилахәырақәа рыбжьара анапы рыҵаҩын аиқәшаҳаҭрақәа, аилаӡарақәа. "Аусутә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысраны иҟоуп астол гьыжьқәа ҩба: атуризми ақыҭанхамҩеи ртемақәа ирызкны", — иҳәеит Афорум аҟны адныҳәаларатә жәахә ҟазҵаз Аԥсны Ахада. Афорум амҩаԥысраан ирылацәажәараны иҟоуп атуризм, ақыҭанхамҩа, аинвестициақәа атәылахь рааԥхьара, анаплакқәа рырҿиара уҳәа азҵаарақәа жәпакы.