VII Аусутә форум адныҳәаларатә шәҟәы азааишьҭит Владимир Путин

© Sputnik / Алексей Дружинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраVII Аусутә форум
VII Аусутә форум - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
VII Аусутә форум "Астратегиаҟынтәи ақәҿиарахь" мҩаԥысуеит Аҟәа абҵара 15-16 рзы.

АҞӘА, абҵара 15 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Аекономика аминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа Аекономикатә ҿиара аминистрреи еицымҩаԥырго аекономикатә форум аатит Аҟәа, абҵара 15 рзы ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит ҳкорреспондент.

Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин VII Аусутә форум адныҳәаларатә шәҟәы азааишьҭит. Ашәҟы даԥхьеит ИАР атәылақәа асоциал-економикатә усрыцуразы атәыла анапхгаҩы Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Денис Травин.

"Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! Ишәыдысныҳәалоит VII Аусутә форум "Астратегиаҟынтәи ақәҿиарахь" аатра. Абарҭ амшқәа рзы ҳара иазгәаҳҭоит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара анапы зҵаҩыз Аиқәшаҳаҭра хада анапаҵаҩра ҩышықәса ахыҵра. Арҭ аамҭақәа ирылагӡаны ҳтәылақәа рыбжьара асоциал-економикатәи арра-политикатәи усхкқәа рҟны русеицура иҿыцу аҩаӡарахь инеиит, аиҩызара ҟазшьаҵәҟьа роуит", ҳәа аҳәоит ашәҟәаҟны.

Аиҵыхра рымоуп еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны аусеицурақәа.

VII Аусутә форум мҩаԥысуеит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
VII Аусутә форум мҩаԥысуеит Аҟәа

"Аԥсны анаплакыҩцәа раалыҵқәа Москва имҩаԥысуаз ацәыргақәҵа "Золотая осень 2016" аҟны инарҭбааны ицәырган, иаҭан иреиҳаӡаз ахәшьарагьы. Аԥснытәи акурортқәа ракәзар аинтерес шрыҵац ирыҵоуп. Сынтәа иалагӡаны ҩ-миллионҩык рҟынӡа Урыстәыла атәылауаа уа рыԥсы ршьеит", ҳәа аҳәоит ашәҟәаҟны.

"Аусутә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысраны иҟоуп астол гьыжьқәа ҩба: атуризми ақыҭанхамҩеи ртемақәа ирызкны", — иҳәеит Афорум аҟны адныҳәаларатә жәахә ҟазҵаз Аԥсны Ахада.

Афорум амҩаԥысраан ирылацәажәараны иҟоуп атуризм, ақыҭанхамҩа, аинвестициақәа атәылахь рааԥхьара, анаплакқәа рырҿиара уҳәа азҵаарақәа жәпакы

Ажәабжьқәа зегьы
0