Гагра араион аҟны ибжьалоит автобус ҿыц

© Sputnik / Саида ЖибаГагра араион аҟны ибжьалоит автобус ҿыц
Гагра араион аҟны ибжьалоит автобус ҿыц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион аҟны 90-ҩык апасаџьырцәа зкуа автобус ҿыц бжьалоит.

ГАГРА, абҵарамза 16 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. 3 миллионки 600 нызқь мааҭи Гагра араион Ахадара автотранспорттә наплакы иазоунажьит автобус ҿыц аахәаразы.

Мышқәак раԥхьа, Германиантәи Гаграҟа иааргеит 2007 шықәсазы иҭыжьыз автобус Mercedes Benz. Иара иамоуп 36 тәарҭа. Зынӡа иакуеит 90 пасаџьыр.

Автобус еиқәыршәоуп асплит-системала, ахаҭабзира ҳаракуп.

"Автобус ҿыц имҩаԥнагалоит ареисқәа Бзыԥҭа аҳабла инаркны – Гагра ақалақь Нарҭаа рашҭанӡа; ахәбатәи аиланхарҭа "Кемпинг" — Нарҭаа рашҭа; Лӡаа-Пицунда – Нарҭаа рашҭа. Ҳаԥхьаҟа ҳгәы иҭоуп абри аҩыза даҽа втобуск аахәара, иара убас апасаџьырцәа еиҳа имаҷны изкуагьы, урҭ бжьаҵахоит ашколқәа рахь", — иҳәеит Гагра араион автотранспорттә наплакы аиҳабы Рудольф Бардахчиан.

Автотранспорттә наплакы аҟны ахархәара змоу автобусқәа рахь еиҳа иҿыцу фышықәса ахыҵуеит. Убри аҟнытә, ари анаплакы еиқәыршәатәуп атранспорт ҿыцла. Иахьа Гагратәи автотранспорттә наплакы имҩаԥнагоит ашколтә реисқәа 12, ақалақьтәқәа ԥшьба. Аԥхынтәи аамҭазы араион аҩнуҵҟа апасаџьырцәа мҩаныргоит автобусқәа ааба.

Ажәабжьқәа зегьы
0