АҞӘА, абҵара 17 – Sputnik. Ахаша, абҵара 16 рзы Урыстәыла Афедерациа ахеилак ратификациа азнауит Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭра – еидҵоу ар ргәыԥ азы.
Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын Москва, абҵара 21 2015 шықәса рзы. Адокумент иҳәаақәнаҵоит Урыстәылеи Аԥсни еидҵо ар рымчқәа рхархәара, реиҿкаашьа. Еидҵоу арратә мчқәа ргәыԥ азырхоуп иарбанызаалак аган иазырхоу бџьаршьҭыхлатәи ашәарҭара аҭаргылараан аҭак аҟаҵара. Еицуснагӡатәқәа рымҩаԥгара мҩаԥысуеит аганқәа рштаб хадақәа рдирективақәа инарықәыршәаны.
Арратә гәыԥ иалахәхоит урыстәылатәи аган аҟынтәи Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны игылоу арратә база, Аԥснытәи аган аҟынтә — амотохысгатә баталионқәа ҩба, артилерриатәи авиациатәии гәыԥқәа иара убасгьы иҷыдоу аҟазшьа змоу аотриад.
Аоперативтә гәыԥ аиҳабыс дҟалоит урыстәылатәи арратә база акомандир. Ар рықәгылара азҵаара ӡбахоит Аԥсни Урыстәылеи рырратә мчрақәа рнапхгаҩцәа рыӡбрала.
"Аиқәшаҳаҭра аус аура иалнаршоит атәылақәа рыҩбагьы ршәарҭадара арӷәӷәара", ҳәа аҳәоит адокумент аҟны.
"Аиқәшаҳаҭра аратификациа иақәыӡбахьеит Қырҭтәылеи Америкеи. Хаҭала Америка Апрезидент ихаҭыԥуаҩ Джо Баиден. Уи аҳәамҭа аҭакс Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иазгәанаҭеит еидҵоу арратә мчқәа раԥҵара зус алоу Аԥсни Урыстәылеи рымацара шракәу.