АҞӘА, абҵара 18 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Раԥхьаӡа акәны Шьамтәыла ЕАШ (США) имҩаԥнаго ахаос аполитика аҿагылара азууп иҳәеит астол гьежь аҟны Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев.
"Асуверентә ҳәынҭқаррақәа рус рҽалагалара, азакәаншьаҭа аманы ажәлар иалырхыз аиҳабацәа рахҳәара, уа дара ирҭаху арежимқәа рышьақәыргылара – абри ауп аҵыхәтәантәи ажәашықәса Америка имҩаԥнаго аполитика. Шықәсык аԥхьа Урыстәыла апрезидент идимкылазҭгьы Урыстәыла арра-космостә мчрақәа ах рархәара Дамасктәи анапхгара иахьа иҟамзаарын", — иҳәеит Григориев.
Иахьа Урыстәыла Шьамтәылан имҩаԥнаго аусқәа зегьы Урыстәыла аинтересқәа рыдагьы изыхәо егьырҭ ажәларқәа ринтересқәа роуп.
Иахьатәи жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа иунарбоит Урыстәыла ахымҩаԥгашьа егьырҭ адунеи ажәларқәагьы анырра шырнаҭоу, иҳәоит Григориев.
"Америка ауаажәлар Дональд Трамп дахьалырхыз иунарбоит урҭ Барак Обама иполитика шыргәамԥхо", — иҳәеит Семион Григориев.
Астол гьежь аусура иалахәын Шьамтәылатәи адиаспора рхаҭарнакцәа, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, аҵарауаа, ауаажәларра.