Афильм "Софичка" апремиера Таллинтәи афестиваль аҟны имҩаԥысит

© Sputnik Вадим АнцуповАфильм арежиссиор Кира Коваленко
Афильм арежиссиор Кира Коваленко - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер иповест иалху афильм "Софичка" апремиера мҩаԥысит Таллинтәи есышықәсатәи акинофестиваль "Темные Ночи" аҟны.

Афильм арежиссиор Кира Коваленко Таллинн раԥхьатәи лнеираан даршанхеит Ажәытә қалақь ҳәа изышьҭоу Таллин ахәҭа. Лгәы иаанагон адекорациақәа рыгәҭа дгылазшәа. Абри атәи Фазиль Искандер иповест иалхны афильм "Софичка" шҭылхыз атәи Sputnik Естониа акорреспондент изеиҭалҳәеит арежиссиор.

Коваленко Таллинтәи лдебиут машәырны иҟалеит, ҳәа илшьоит арежиссиор. Уи адагьы илҳәоит иара аҟалара далахәуп Александр Сокуров ҳәа илшьоит лара.

"Аамҭак азы Александр Николаи-иԥа аҭел дысзасны исыдигалеит афильм аҭыхра. Уи мап зцәукуаз акакәмызт", — лҳәоит лара.

Лара лажәақәа рыла "Софичка" — Искандер ирҿиамҭақәа ирыламҩашьо акоуп.

Софичка апримиера Таллин имҩаԥысраны иҟоуп - Sputnik Аҧсны
"Софичка" апремиера Таллин имҩаԥысраны иҟоуп

Лара иазгәалҭеит Урыстәылатәи Афедерациа Акультура аминистрра афильм аспонсорс ишықәгылаз, ишлынаҭаз алшара лыгәҭакы анагӡаразы. Арежиссиор лажәақәа рыла "Софичка" аҭыхраан ипроблема хаданы иҟаз афильм ипрофессионалмыз актерцәа ахьадгалаз акәын. Илгәалалрышәоит актиорцәа руаӡәк аҭыхрақәа анцоз абахҭа дышҭаркыз, уи иԥсахра шзалымшоз.

"Аԥсуаа иџьоушьаша милаҭуп. Урҭ рхатәы темперамент, рхатәы минталитет рымоуп", — лҳәоит Коваленко.

Коваленко Аԥсны аҭыхрақәа мҩаԥылгон шықәсыбжак рҟынӡа, аҽазыҟаҵарақәа ракәзар, шықәсык инацны ицон.

"Зегь ҭаҳҵаауан: ауаа усҟантәи аамҭазы ишынхоз, иршәыз-ирхаз, ирфоз, рхы шымҩаԥыргоз. Амузеиқәа ҳарҭаауан, ашәҟәқәа ҳрыԥхьон", — лҳәоит арежиссиор.

Лара агәадура лнаҭоит акинофестиваль лфильм ахьалнахыз. Даара иԥханы дрыхцәажәоит естониатәи ахәаԥшыҩцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0