Ҭаниа: Аԥсны Аинвестициатә маҵзура аганахьала анапы рыҵаҩын аиқәшаҳаҭрақәа ԥшьба

© Sputnik / Илона ХварцкияАинвестициатә маҵзура адиректор Алмас Ҭаниа
Аинвестициатә маҵзура адиректор Алмас Ҭаниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
VII Аԥсны-Урыстәылатәи афорум "Астратегиаҟынтәи ақәҿиарахь" аихшьаалақәа мҩаԥыргеит арадио Sputnik Аԥсны астудиаҟны.

АҞӘА, абҵара 21 – Sputnik, Бадри Есиава. 500 миллион мааҭ рыхә шьақәзыртәо аиқәшаҳаҭрақәа рнапы рыҵаҩын Аԥсны-Урыстәылатәи аустә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны. Абри атәы иҳәеит ареспублика Аинвестициатә маҵзура адиректор Алмас Ҭаниа.

"Аԥсны Аинвестициатә маҵзура аганахьала анапы рыҵаҩын аиқәшаҳаҭрақәа ԥшьба. Иааидкыланы аиқәшаҳаҭрақәа хәыԥсала иушьозар идыртәоит миллиардбжак мааҭ", — иҳәеит Ҭаниа.

Алмас Ҭаниа иажәақәа рыла арҭ аԥшь-еиқәшаҳаҭрак рахь иаҵанакуеит апроектқәа: аҭубар, ашьаҳариа рҭыжьра, Кындыӷ ақыҭан арԥхарҭа аргылара, аԥсыӡааӡарҭа нхамҩа ашьаҭаркра.

Ҭаниа игәаанагарала апроектқәа аинтерес рымоуп, избанзар урҭ уаанӡа Аԥсны иахьаҵанакуа имҩаԥырымгацызт.

Аинвестициатә маҵзура адиректор Алмас Ҭаниа Sputnik Аԥсны иаиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Афорум аҟны инарҭбааны ирылацәажәан атуризм, ақыҭанхамҩа, аенергетика рызҵаарақәа, аинвестициа азҵаарақәа уҳәа жәпакы.

Имҩаԥган астол гьыжьқәа хәба. Урҭ рҟынгьы изҵаара хаданы иқәгылан Аԥсни Урыстәылеи русеицура, аинвестициақәа рырҿиара, анаплакқәеи аекономика ареалтә сектори реизырҳара.

Ажәабжьқәа зегьы
0