Аԥснытәи ахәыҷқәа Москватәи аԥсаӡ иаҭааран иҟоуп

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥснытәи ахәыҷқәа Москватәи аԥсаӡ иаҭааран иҟоуп
Аԥснытәи ахәыҷқәа Москватәи аԥсаӡ иаҭааран иҟоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵара бзианы изҵо Аԥснытәи ашколхәыҷқәа рхы аладырхәраны иҟоуп есышықәса имҩаԥысуа ашықәс ҿыц аныҳәа. Аныҳәа мҩаԥысуеит Кремльтәи ахан аҟны.

АҞӘА, абҵара 22 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аҵара бзианы изҵо Аԥснытәи ашколхәыҷқәа рхы аладырхәраны иҟоуп есышықәса имҩаԥысуа ашықәс ҿыц аныҳәа. Аныҳәа мҩаԥысуеит Кремльтәи ахан аҟны. Абри атәы ҳкорреспондент иалҳәеит Аԥсны Аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Медеиа Ченгьелиаԥҳа.

"Зынӡак Москваҟа ицоит жәаҩаҩык ахәыҷқәа. Арҭ хәбаҳәа аҵара зҵои зҭаацәа Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәызи роуп. Аԥсаӡ аныҳәа мҩаԥысуеит ԥхынҷкәын 25 рзы", — лҳәоит Ченгьелиаԥҳа.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ лажәақәа рыла Аԥснытәи ашколхәыҷқәа Москва иҟазаауеит ԥхынҷкәын 29 рҟынӡа.

"Москва иара убасгьы дара рылахәхоит еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа", — лҳәоит лара.

Медеиа Ченгьелиаԥҳа иара убасгьы иазгәалҭеит, Аԥснытәи ахәыҷқәа Кремльтәи аԥсаӡ аныҳәахь инарыԥхьоижьҭеи акыр шыҵуа. Ахәыҷқәа уахь рцара аԥара ахнашәаауеит аҳәынҭқарра.

Ажәабжьқәа зегьы
0