Аԥснытәи ахәыҷқәа Шәача имҩаԥысуаз ахоккеитә еицлабра иахәаԥшуан

© Foto / Сырма АшәԥҳаАԥснытәи ахәыҷқәа Шәача имҩаԥысуаз ахоккеитә еицлабра иахәаԥшуан
Аԥснытәи ахәыҷқәа Шәача имҩаԥысуаз ахоккеитә еицлабра иахәаԥшуан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи ашкол хәыҷқәа Шәача имҩаԥысуаз Салават Иулаев ихьӡ зху ахоккеитә клуби, Шәачатәи ахоккеитә клуби рыбжьара ицоз аицлабра иахәаԥшуан.

АҞӘА, абҵара 22 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Ахәыҷқәа ас еиԥш иҟаз агәырӷьаратә ҟазшьа змаз аныҳәа рзеиҿнакааит "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсни", Башкортостан инхо ҳџьынџьуаҩ Енвер Лисини, уи иацыз ахарџьқәа зегьы иара ихахьы игеит.

"Сара саб ахоккеи дыхәмаруан. Саргьы даара бзиа избон ари аспорттә хкы ахәмарра. Убри аҟынтә азанааҭ алхра зынӡагьы самырхәыцӡеит. Уи схәыҷы аахыс исыӡбахьан. Сара сан даԥсыуоуп. Саншьцәа даара бзиа избоит. Аамҭак шаасоуз еснагь сҭаацәеи сареи Аԥсны ҳаҟоуп. Аԥсныи аԥсуааи рзы исылшо ала адгылара, ацхыраара ҟасҵар сҭахәуп", — иҳәеит Енвер. 

© Foto / Сырма АшәԥҳаЕнвер Лисин, Салават Иулаев ихьӡ зху ахоккеитә клуб ажәылаҩыс дыҟоуп
Енвер Лисин, Салават Иулаев ихьӡ зху ахоккеитә клуб ажәылаҩыс дыҟоуп - Sputnik Аҧсны
Енвер Лисин, Салават Иулаев ихьӡ зху ахоккеитә клуб ажәылаҩыс дыҟоуп
. Аицлабра цонаҵы, аԥсуа хәыҷкәа ахокеитә матч аҿы ихәмаруаз Енвер Лисин изы ргәы былуан, иара идгылан. Ицәырҵра зегьы иацын абас еиԥш иҟаз аҿыҭбжьы: "Лисин, Лисин, Лисин". Ахәыҷқәа рыбла иабаз ахәмарра даара агәалаҟазаара бзиа рнаҭеит. Ахәмарра ахыркәшамҭазы, Енвер ихаҭа ахәыҷқәа рахь днеит, драцәажәеит, иҭабуп ҳәа реиҳәеит иахьааз. Ахәыҷқәа аӡәырҩы Енвер ихәда иахьынҳалон, амба иҭаиршәыз ашаиба идырныҳәалон, аспорт иадҳәалаз азҵаарақәа жәпакы ирҭон, насгьы интересс ирыман аспортсмен иԥсҭазаара.

"Ахоккеи-ари командатә хәмарроуп. Досу иду аҭакԥхықәра ныҟәигароуп. Америка хышықәса ахоккеи сыхәмаруан, уа исоуз апрофессионалтәи аԥсҭазааратә ԥышәеи акыр исыцхраауеит, уажәы Уфа сынхоит. Сашьа Адгәыри сареи еснагь Аԥсныҟа асасцәа рааԥхьара бзиа иаҳбон. Знык Аԥсны збаз дыхнамхырц залшома?! ", — дцәажәон Енвер.

Енвер иан, Иза Џьуӷьелиаԥҳа, аматч дахәаԥшуан, лара даара гәахәала илыдылкылеит Аԥснытәи ахәыҷқәа уи рхы ахьаладырхәыз. Ахәыҷқәа Аԥсныҟа амҩа ианықәла ирбаз-ираҳаз иазкны ргәаанагарақәа еибырҳәон, урҭ рхы-рҿы иқәыз аччаԥшь еицакра ақәмызт. 

Енвер дҭаацәароуп, ҩыџьа ахшара драбуп. Аԥсҭазаараҿы ахадаратә ҭыԥ ааныркылоит аҭаацәа. Иара еснагь ирзеиҭеиҳәоит досу инапы злаку аус бзиа ибаны даназнеи, алҵшәа маиурц шалымшо. Аха, убри аан аспорт ҭыԥс иаанакылои уара уԥсҭазаараҿы ҳәа ҳаниазҵаа?— абас иҳәеит:

"Апрофессионалтә спорт — ари ауаҩы ихаҭара шьақәзыргыло, иҭаацәеи, иуаажәлари агәырӷьара рзаазго иааироуп! Зегь раԥхьа иргыланы, ауаҩы иҿаԥхьа ахықәкы ықәгылазароуп, уи анагӡара иҽазишәароуп. Ауаҩы, сара сгәанала зегьы дырзыхиазароуп. Даҵахаргьы идикылароуп, уи еиҳагьы ихы аус аднаулартә еиԥш дҟанаҵоит. Агха ҟаиҵаргьы, ирҿиартә ҩаӡара аизырҳареи арҿиареи иацхраауеит. 

Ажәабжьқәа зегьы
0