АҞӘА, абҵара 22 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Апарламент амшхәаԥштә азҵаараҟынтәи иқәнагеит Арсаул ахьӡ Приморское (аурыс вариант) ма Агача (аԥсуа вариант) ахь аԥсахразы ақәҵара.
Адепутат Дмитри Гәынба иажәақәа рыла, иара иахь инеиит Арсаул ауааԥсыра рынхарҭа уаанӡатәи ахьӡ аздырхынҳәырц азы аҳәара ҟаҵауа.
"Арзаҳал рнапы аҵаҩуп 700-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Дара ргәаанагарала "Приморское" ахьӡ еиҳа иалашьцылоуп, иҭоурых хьӡуп ҳәа иршьоит", — иҳәеит Гәынба.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит ахьӡ "Арсаул" 1996 шықәса рзы ишышьақәырӷәӷәахаз, аха уа инхо ус шакәыз 17 шықәса анҵы ауп ианырдыр.
"2016 шықәса рзы Рауль Ҳаџьымба Арсаул ауааԥсыра дырԥылеит. Усҟан дара атәыла Ахада иарҳәеит ргәаанагара, аҭакс Ҳаџьымба иҳәеит ари аус знапы иану Апарламент ауп ҳәа", — иҳәеит адепутат.
Азакәан апроект ацәажәара дуқәа ахыҿиааит. Адепутат Валери Кәарҷиа игәаанагарала асеиԥш иҟоу азакәан апроект жәларбжьаратәи астандартқәа ирықәшәом.
Апарламент аҟны ишьақәдыргылеит абри азҵаара аганахьала Аԥсны аҵарауааи аҭоурыхдырыҩцәеи ирыҿцәажәарц, ргәаанагара иазҵаарц. Аԥсны Апарламент амшхәаԥштә азҵаараҟны иқәгылаз Арсаул ахьӡ
Приморское (аурыс вариант) ма Агача (аԥсуа вариант) ахь аԥсахразы ақәҵара адкылара аҿҳәара инахоуп иахәҭоу ауснагӡатәқәа мҩаԥгахаанӡа.