Асида Гәымԥҳа: шәҭык алкаан бзиа избоит сызҳәом, зегь ԥшӡоуп

© Sputnik Анжелика БенияАшәҭқәа рыбзиабара занааҭны ишлоуз атәы далацәажәеит Асида Гәымԥҳа
Ашәҭқәа рыбзиабара занааҭны ишлоуз атәы далацәажәеит Асида Гәымԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәҭқәа рыбзиабара занааҭны ишлоуз атәы далацәажәеит Асида Гәымԥҳа ҳкорреспондент данлыҿцәажәоз.

Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа

Аԥсны ахы-аҵыхәа имаҷымкәан иҟоуп адәқьан маҷқәа, зыҟны аныҳәақәа раан иаауҭаху ааухәар алшо. Шамахамзар асеиԥш иҟоу адәқьанқәа рҟны ашәҭқәагьы рҭиуеит.

© Sputnik Анжелика БенияРабота Асиды Гунба
Работа Асиды Гунба - Sputnik Аҧсны
Работа Асиды Гунба

Хәышықәса инарзынаԥшуа абри иаҩызоу дәқьанк аҟны аус луеит Асида Гәымԥҳа. Иаԥылҵоит абла зыршанхо акомпозициақәа.

"Ашәҭшьыҵәрақәа ауаҩы игәалаҟазаара ҳараркуеит. Ашәҭқәа рахь ахаангьы исымаз абзиабара афлористикахь снанагеит. Москва сыҟан. Исыӡбеит афлористика акурсқәа рахь снеирц. Схазы", — лҳәоит лара.

Урҭ акурсқәа рҟны иудырҵоит ашәҭшьыҵәрақәа реидкылашьа, реиҿкаашьа.

"Ашәҭшьыҵәрақәа рышьақәыргылашьа иамоуп ахатә закәанқәа. Аиҿкаашьақәа еиуеиԥшым. Уи адагьы ашәҭқәа акраамҭа удыргәырӷьаларц азы ҵаҟатәи абыӷьқәа амхтәуп, аԥҟашьа атехникала ашьапқәа хҵәатәуп.

Шамахамзар +5 инаркны +9 градус рҟынӡа иҟазароуп ашәҭқәа ахьгылоу аҳауа", — лҳәоит афлорист.

Асида Гәымԥҳа ишеиҭалҳәо ала ашәҭшьыҵәра анапаҿы акра маншәалазароуп, иарбанызаалак иуԥырхагамзароуп.

"Ашәҭшьыҵәра аиҿартәышьа уазхәыцроуп. Иарбанызаалак ашәҭ иамоуп ахатә ҵакы. Ҳара лассы-лассы ҳхы иаҳархәоит иԥсабаратәу ашәҭқәа рыдагьы иқьаадлыхқәоу. Шәҭык аалкаан бзиа избоит сызҳәом. Зегь ԥшӡоуп", — лҳәоит лара.

© Sputnik Анжелика БенияРабота Асиды Гунба
Работа Асиды Гунба - Sputnik Аҧсны
Работа Асиды Гунба

Ус шакәугьы иҟоуп иалкаан еиҳа лхы иалырхәо: агортензиа, еустома, аевкалипт, атиульпанқәа.

Асида ишеиҭалҳәо ала иахьатәи аамҭазы афлористика даара ирылаҵәаны иҟоуп. Аахәаҩцәа Асида Гәымԥҳа лышәҭшьыҵәрақәа рстиль егьырҭ ирылыркаауеит.

Ашәҭшьыҵәрақәа рыҟаҵара агәахәара ду унаҭоит. Ари аҩыза аус бзиа иумбарц залшом, избанзар иара зегьы агәеизҳареи агәалаҟазаара бзиеи рнаҭоит. Аҳамҭа ҟазҵоугьы аҳамҭа зауагьы еиҟараны имаҷзаргьы насыԥк-насыԥк рнаҭоит.

© Sputnik Анжелика БенияКомпозиция роз Асиды Гунба
Композиция роз Асиды Гунба - Sputnik Аҧсны
Композиция роз Асиды Гунба

Ажәабжьқәа зегьы
0