Карасин: Урыстәыла ажәа ԥсахра ақәым

© AP Photo Laurent GillieronУрыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Григори Карасин
Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Григори Карасин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Григори Карасин далахәын Гомель ақалақь аҟны анаукеи акультуреи рзы Урыстәылатәи ацентр аартра.

АҞӘА, абҵара 22 — Sputnik. 2012 шықәса раахыс Урыстәыла-Қырҭтәылатәи аизыҟазаашьақәа аиӷьрақәа рыманы ишыҟоугьы Урыстәыла мап ацәнакраны иҟаӡам Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахьала иааннакыло апозициа, иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Григори Карасин Sputnik Беларусь аинтервиу аҭо.

"Қырҭтәыла уааанӡеиԥш уажәгьы дҵаны иқәнаргылоит Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхаҵаразы иҳамоу апозициа аԥсахра. Уи иахьазы ҟалашьа амам. Ҟалашьа амам ушьҭангьы. Уи еилкаатәуп", — иҳәеит Гомель ақалақь аҟны анаукеи акультуреи рзы Урыстәылатәи ацентр аартра иалахәыз Карасин.

Убри аан адипломат иҳәеит аизыҟазаашьақәа русура аанызкылаз Қырҭтәыла шакәу.

Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Григори Карасин 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа игәалаиршәеит, иҳәеит Саакашвили зхадараҿы дыҟаз аҳәынҭқарра шакәу агрессиатә политика мҩаԥызгаз.

"Урыстәыла Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымреи рхақәиҭреи азханаҵеит. Уижьҭеи аашықәса ҵуеит", — иҳәеит иара.

Абри ашьҭахьтәи аамҭақәа зегьы қырҭтәыла имҩаԥнагоз аполитика Урыстәыла иаҿагылон, ҳәа азгәеиҭеит Карасин.

Ажәабжьқәа зегьы
0