Арасазы абаџьқәа еиҵартәит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрасазы абаџьқәа еиҵартәит
Арасазы абаџьқәа еиҵартәит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны "Алгаратә ҳазалхратә баџьԥҵәақәа рзы" Ақәҵара аԥсахрақәа алагалан.

АҞӘА, абҵара 23  – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Иахьазы иҟоу абаџьԥҵәақәа ауааԥсыра рыбжьара агәынамӡара ахьдырҿиоз иахҟьаны  алгаратә ҳазалхратә баџьқәа еиҵатәуп иҳәеит аилатәараҟны Аԥыза-министр Беслан Барцыц ахаша, абҵара 23 рзы.
"Уаанӡа аус зуаз  абаџьԥҵәақәа араса аахәара-аҭира знапы алакыз анаплакыҩцәа агәынамӡарақәа рнаҭон. Иахьазы Аԥсны аиҳабыра азкылсит иарбоу ахәԥсақәа аарыхыҩцәа реиԥш аҭиҩцәагьы иргәаԥханы иҟалап ҳәа", —  иҳәеит Аԥыза-министр Беслан барцыц.
Аминистрцәа Реилазаара Аппарат аекономика ҟәша аиҳабы Илона лакрԥҳа иазгәалҭеит адокумент ақыҭанхамҩа аусзуҩцәа рыдгылара шаанарԥшуа.
"Аԥсахрақәа ирыҵаркит арасазы алгаратә ҳазалхратә баџьқәа. Адокумент инақәыршәаны зцәа зхыхымарасазы ишьақәыргылоуп 10 мааҭк (иҟан 25 мааҭ) абаџьԥса, ирыцқьоу азы 15 мааҭ (иҟан 35 мааҭ)", — лҳәеит Лакырԥҳа.
Афинансқәа рминистр  Дмитри Сериков иҳәеит  аҳазалхратә баџьԥса аиҵатәра инадҳәаланы араса ареспублика алгара 2-3 еиҳахеит ҳәа.
"Уаанӡатәи атарифқәа есымза ирыцаҳҵозҭгьы, уажәы урҭ еснагь аус зуа ҳәа ишьақәҳаргылоит", — иҳәеит Сериков.
Аминистрцәа Реилазаара аилатәара амшхәаԥштә азҵаара шьақәгылан 25 зҵаара рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0