Даур Ақаҩба Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа идикылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукДаур Ақаҩба Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа идикылеит
Даур Ақаҩба Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа идикылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсныҟа усутә визитла иааит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадаразы женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа.

АҞӘА, абҵара 24  – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥшьаша, абҵара 24 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба идикылеит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадаразы женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа.

Асасцәа аԥсшәа раҳәо Даур Ақаҩба иазгәеиҭеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рраундқәа раԥхьа аиԥыларақәа традицианы ишыҟалаз, уи хра змоу акакәны дшахәаԥшуа.

"Исҳәар сҭахуп Женеватәи аиҿцәажәарақәа ҳара ҳзы хра рыманы ишаабо, адунеитә уаажәларра рҟынӡа ҳҳәатәы  ахьнеиуа ҭыԥны ишаҳшьо.  Иазгәасҭар сҭахуп Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа русура лҵшәа аманы ишызбо, урҭ ирылшо зегь шыҟарҵо аимак аҟны лҵшәақәак алыршахарц азы", — иҳәеит аминистр.

Даур Ақаҩба иҳәеит дышгәыӷуа уажәтәи аиԥыларагьы, изаамҭанытәиу араунд азырхиаразы аусурақәагьы алҵшәа аазышьҭуа ракәны иҟалап ҳәа.

Евроеидгыла аҟынтәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩ  Герберт Зальбер аиԥылара алахәылацәа азхьеирԥшит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы арегион аҟны аҭынчра шыҟоу. Иара иазгәеиҭеит уи зыдҳәалоу  Швеицариатәи аиҿцәажаәарақәеи аиԥыларақәеи рыдагьы МПРИ аформат иатәу аиԥыларақәагьы роуп ҳәа.

"Шықәсык ахь ԥшьынтә Женева ақалақь аҿи МПРИ аформат аани ҳара иҳамоуп аҭагылазаашьа еиуеиԥшым ахҭысқәа рылацәажәара, ҳԥышәа аиҿырԥшра, аинцидентқәа рҽырцәыхьчара шҳалшашаз аилацәажәара", — иҳәеит  Герберт Зальбер.

Зальбер иара убасгьы иҳәеит аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы Женеватәи аиԥыларақәа раан ибо дшалагаз адиалог алахәылацәа аимак абжьарашьаҿақәа ирызхьаԥшуа ишалагаз.
ООН аҟынтәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩ Антти Турунен дахцәажәеит 2016 шықәса лаҵарамза 19 рзы аҳәаа иахьаԥну аҭыԥ змаз ахҭыс, Қырҭтәыла атәылауаҩ ишьра.

"Уаҩ игәы ҭызшьаауа ахҭыс аҭыԥ шамазгьы ҳара иҳалҳаршеит азҵаара ӡбашьак аҭара. Ҳара ҳгәыӷуеит иаарласны  иҳалҳаршап ҳәа ацәгьоуҩы ихәҭа иақәыршәара", — иҳәеит  Турунен.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа хацыркхеит 2008 шықәса жьҭаара 15 рзы Урыстәылеи Франциеи рхадацәа  Дмитри Медведеви Николиа Саркозии реиқәшаҳаҭрала. Аиҿцәажәарақәа ирылахәуп Аԥсны, Қырҭтәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла ЕАШ (США) рхаҭарнакцәа, Евроеидгыла, ООН, ОБСЕ рхаҭарнакцәа рхантәаҩрала.

Аилацәажәарақәа мҩаԥысуеит ҩ-форматк: ашәарҭадареи агуманитартәи зҵаарақәа ирылацәажәо аусутә гәыԥқәа рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0