Қырҭтәыла Интерпол ала аԥсуа ҳәаахьчаҩ ишьҭоуп

© AFP 2023 / FRED DUFOURҚырҭтәыла Интерпол ала аԥсуа ҳәаахьчаҩ ишьҭоуп
Қырҭтәыла Интерпол ала аԥсуа ҳәаахьчаҩ ишьҭоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Қырҭтәыла атәылауаҩ Гигла Оҭхозориа ишьра афакт инақәыршәаны Аԥсны арратә прокуратура ашьаус хацнаркхьан.

АҞӘА, абҵара  24 – Sputnik. Ақырҭуа ган Интерпол ахь аҳәара ҟанаҵеит  Қырҭтәыла атәылауаҩ Гигла Оҭхозориа дызшьыз  аԥсуа ҳәаахьчаҩ иԥшааразы. Абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит  Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Георги Мгебришвили. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Қырҭтәыла атәылауаҩ  Граданин Грузии Гигла Оҭхозориа дшьын ақырҭуа-аԥсуа ҳәааҟны 2016 шықәса лаҵарамза 19 рзы.  Қырҭтәыла атәылауаҩ Гигла Оҭхозориа  ишьра афакт инақәыршәаны Аԥсны арратә прокуратура ашьаус хацнаркит. Аусбарҭа адыррақәа рыла аҳәаахьчаҩи Қырҭтәыла атәылауаҩи рыбжьара аимак ахы цәырнагеит Оҭхозориа иахәҭаз адокументқәа имамкәа Аԥсны аҵакыра алалараз мап ахьицәыркыз азы.

Аԥсуа ган аҳәамҭа ҟанаҵеит  Қырҭтәыла аԥсуа ҳәаахьчаҩ дшарымҭо азы.

"Азыҳәа ҟаҵоуп. Иаарласны ациркулиар ҟаԥшь ала аҳәаахьчаҩ иԥшаара иалагоит" — иҳәеит  Мгебришвили Апарламент аилатәараҟны.

Қырҭтәыла атәылауаҩ  Граданин Грузии Гигла Оҭхозориа дшьын ақырҭуа-аԥсуа ҳәааҟны (ахылаԥшра-аушьҭырҭатә пункт "Набакиа", ақ. Батаигуар) 2016 шықәса лаҵарамза 19 рзы, Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура  аҳәаахьчаратә отриад аусзуҩ   Рашид Кандџьи-оглы иареи ироуз аимак иахҟьаны. Гигла Оҭхозориа  ишьра афакт инақәыршәаны Аԥсны арратә прокуратура ашьаус хацнаркит.

Ажәабжьқәа зегьы
0