Дмитри Маршьан: аус злоу анагӡаратә мчра аус рыцуроуп

© SputnikДмитри Маршьан
Дмитри Маршьан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Азинмчра змоу аинститут ахықәкқәеи аусдҵақәеи дырзааҭгылеит Аԥсны аомбудсмен Дмитри Маршьан ҳкорреспондент даниҿцәажәоз.

АҞӘА, абҵара 25  – Sputnik, Бадри Есиава. Иазыԥхьагәаҭоуп ауаҩытәыҩса изинқәа рзы  аппарат аилазаара  иалагалахоит ҳәа ауаҩи атәылауаҩи рконституциатә зинқәеи ахақәиҭрақәеи рыхьчара аҟәша, аинформациа-зинтә ҟәша, аексперт-аналитикатә ҟәша.

"Аԥсны иҟоуп апроблемақәа азинхьчаратә органқәа русхк аҟны, ахақәиҭра ахьыԥку аҭыԥқәа рҟны иҭаку рҭагылазаашьа еиӷьтәтәуп иара убасгьы ирацәоуп анхарҭатә, ахаҭалатә, аполитикатә проблемақәа. Атәыла Апарламент иахьазы иҟанаҵоит алшара Азинмч змоу дышиашоу абарҭ азҵаарақәа Жәлар Реизарахь ицәыригарц" — иҳәеит  омбудсмен.

Дмитри Маршьан иажәақәа рыла зегь раасҭа абри аҭыԥ аҟны иуадаҩны иҟоу  анагӡаратә мчрақәа аус рыцуроуп, избанзар атәылауаа аиҳарак иззашшуа урҭ роуп.  Ари аибашьра ашьҭахьтәи практиканы иҟоуп. Ирацәоуп аӡбарҭатә органқәа рахьгьы азҵаарақәа. Аха Дмитри Машьан агәыӷра имоуп  азҵаарақәа зегьы Аԥсны Жәлар реизара ацхыраарала иӡбахап ҳәа.

Аҩаша, абҵара 22 рзы Дмитри Маршьан Аԥсны Апарламент аҟны далхын Аԥсны ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Амчнагӡа змоу ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0