Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба: Оҭар Хәынҵариа аԥсуа милаҭтә инструментқәа реиқәырхара дашьҭан

© SputnikРадио студия Sputnik Абхазия
Радио студия Sputnik Абхазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар рартист, акомпозитор Оҭар Хәынҵариа диижьҭеи 60 шықәса аҵра иазкны имҩаԥгахоит агәалашәаратә хәылԥазы. Уи ахьымҩаԥысуеи ишымҩаԥгахои атәы далацәажәоит иара иҵаҩы, Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә культуратә ҵараиурҭа арҵаҩы Баҭал Аҩӡба.

 Оҭар Хәынҵариа зегь раасҭа гәыҵхас имаз аԥсуа музикатә  рҳәагақәа реиқәырхара, урҭ ажәлар рхы иадырхәо, имыӡыртә аҟаҵара акәын.

Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә культуратә ҵараиурҭа арҵаҩы Баҭал Аҩӡба Аԥсны жәлар рартист, акомпозитор Оҭар Хәынҵариа ирҿиара дахцәажәеит

Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор Оҭар Хәынҵариа лассы-лассы ажәлар рашәақәеи аркәашагатә мелодиақәеи дрызхьаԥшуан, аус рыдиулон, ирҿыцуан. Дара ԥхасҭамтәкәа, ршьагәыҭ ааныжьны, ирбеианы азыӡырҩцәа ирыдигалон. Иара ирҿиамҭақәа зегьы  ажәлар рҿаԥыцтә  ҳәамҭақәа ирзааигәан еснагь.

Ажәабжьқәа зегьы
0