Илона Амԥарԥҳа алитературатә премиа "Ашықәс апоет" лоуразы дықәдыргылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукКниги.
Книги. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Есышықәсатәи алитературатә премиа "Ашықәс апоет" шьаҭанаркит Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла. Хықәкны иамоуп ҳаамҭазтәи алитература алагала ззаҭоны иҟоу авторцәа раарԥшра. Иара мҩаԥыргоит ИУНЕСКО абиурои Урыстәыла акьыԥхьи амассатә коммуникациақәеи рфедералтә агентреи рыцхыраарала.

АҞӘА, абҵара 27  — Sputnik. Рада Ажьиԥҳа. Аԥсуа поетесса қәыԥш Илона Амԥарԥҳа номинантс дықәыргылоуп 2016 шықәса рзы  алитературатә премиа "Ашықәс апоет" ахь. Аноминантцәа акомиссиа иалнакаауан урыстәылатәи алитературатә портал Стихи.ру аҟны зажәеинраалақәа кьыԥхьыз авторцәа рҟынтәи.  Абри атәы апоетесса илзеиҭалҳәеит  Sputnik акорреспондент.

"Схәыҷаахыс ажәеинраалақәа зыҩуеит, аха аҵыхәтәантәи ахышықәса роуп еиҳа сҽадцаланы абри аус нап анадыскыла. Сара Стихи. Ру апортал аҟны сыҽҭазҩит. Уа автортә зинқәа хьчоуп. Иаарласны ашәҟәы соуит  алитературатә премиа "Ашықәс апоет" аиуразы бықәгылоуп ҳәа. Сгәырӷьара ҳәаак амамызт. Сцәаныррақәа хышхыҵәон. Зегь раасҭа Аԥсны сатәуп ҳәа аҳәҳәара акәын исҭахыз. Атәыла ахаҭаранакра – даара аҭакԥхықәра аманы иҟоуп", — еиҭалҳәоит Илона Амԥарԥҳа.

Илона лажәақәа рыла аҭаацәа рыҟны зегьы алитературеи аҟазареи бзиа ирбоит.

"Сабду Анатоли Амԥар, акыршықәса Калдахәаратәи ашкол-интернат адиректорс дыҟан. Сандугьы дырҵаҩын. Ҳәарада урҭ схәыҷаахыс алитература абзиабара сыларааӡеит", — лҳәоит апоетесса.

© Foto / Илона АмпарПоэтесса Илона Ампар
Поэтесса Илона Ампар - Sputnik Аҧсны
Поэтесса Илона Ампар

Илона Амԥарԥҳа Иури Гагарин ихьӡ зху Гагратәи а-4-тәи ашкол далгеит. Аҵара лҵон Москватәи аҳәынҭқарратә гуманитартә университет аҟны. Ҩыџьа ахшара дрануп.

"Арҿиара иҵегь нап адкылазар сҭахуп аха  саамҭа рацәам, ҩыџьа ахәыҷқәа срануп. Аиҳарак уахынлоуп саныҩуа. Иахьатәи аамҭахы 400 рҟынӡа жәеинраала сымоуп.  Даара исҭахуп сышәҟәык ҭыжьзарц. Исыгәҭакуп апрозаҿгьы аҽԥышәара",  — лҳәоит лара.

Алитературатә премиа "Ашықәс апоет" 2016 шықсазыалауреатцәа рыхьӡқәа рылаҳәахоит 2017 шықәса хәажәкыра 21 рзы Адунеизегьтәи апоезиа амш аҽны Москва аиҳабыра рҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0